Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьԥҳа еиҭалҳәеит аҭоурыхтә материалқәа рыла аизга шеиқәлыршәаз

© Sputnik / Томас ТхайцукЛариса Цвижба
Лариса Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны иӡырган Урыстәыла Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны иҭыжьыз "Мраҭашәаратәи Кавказ а-ХIХ-тәи ашәышықәса актәи азбжа" захьӡу аизга. Урыстәылатәи аофицар Лисовскии атопограф Чуркини рархивтә материалқәа рыла еизгоу ашәҟәы еиқәлыршәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Мрагылараҭҵаара аинститут анаукатә усзуҩ еиҳабы Лариса Ҵәыџьԥҳа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьԥҳа аҭоурыхтә материалқәа реизга иазкны

"Аҭоурых-архивтә институт аҟны аҵара анысҵоз Лисовскии иҭоурых сԥыхьашәеит, Аԥсны дшыҟаз, аполитика иахҟьаны ауниверситет данҭырҵа солдаҭк арра ихыигарц ҳтәылахь дшаарышьҭыз. Даара ихшыҩ ҵарын, асахьақәагьы бзианы иҭихуан. Амшынеиқәатәи - аҟәаратә цәаҳәа ҳәа иҟан, уаҟа аурыс  абаталионқәа рҭыԥқәа ахьалхыз ахсаалақәа ҟаиҵон, илаԥш иҵашәоз ақыҭа, амҩа зегьы ақьаад ианиҵуан. 1837 шықәсазы Ҵабалаа Урыстәыла ҳадлеит ҳәа ашәҟәы анырыҩуаз иара приставс дыҟан, аԥсшәа идыруан. Иара еиҳабацәа рыдҵала Нхыҵ Кавказҟа амҩақәа зеиԥшраз ҭиҵаауан. Урыстәылеи Кавкази аибашьра анрыбжьала ишԥарыхәари уи ҳәа идыррақәа рхы иадырхәеит", - лҳәеит Ҵәыџьԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0