Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа Пицунда имҩаԥгахо аконцерт азы: ҳаидгылар, еснагь алҵшәа бзиақәа ҳаулоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМактина Џьынџьалԥҳа
Мактина Џьынџьалԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пицундатәи ауахәамаҿы еиҿкаахоит агәыҳалалратә уарӷантә музыка. Уи иалахәхоит аклассикатә музыкантцәа 10-ҩык. Еизгахо аԥара ззырхахо атәы Sputniк апресс-центр аҟны еиҭалҳәеит афонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.

 

Џьынџьалԥҳа Пицунда имҩаԥгахо аконцерт азы: ҳаидгылар, еснагь алҵшәа бзиақәа ҳаулоит

"Аконцерт мҩаԥнагоит Азамаҭ Багаҭелиа напхгара зиҭо асоциал-культуратә аԥшьгарақәа рфонд. Сынтәа ас еиԥш аконцерт фынтәны имҩаԥысуеит. Еизгахо аԥара хәышықәса зхыҵуа ахәыҷы Олесиа Кәарҷелиаԥҳа лыхәшәтәрахь идәықәҵахоит. Уи азы хышә нызқь мааҭ аҭахуп. Аконцерт аҟны зегьы ҳзеизымгаргьы, афонд арезерв аҟынтәи ацхыраара лыҭахоит", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Аклассикатә музыка есышықәсатәи агәыҳалалратә концерт Пицундатәи ауахәамаҿ амҩаԥгаразы апроект хацыркын 2014 шықәса рзы. Сынтәа уи цәыббра 23 асааҭ 20 рзы имҩаԥысуеит.

Шәазыӡырҩы аудио. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0