Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашыг Шәачатәи афорум азы: аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа ҳрыҿцәажәартә алшара ҳамоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Ҳашыг
Руслан Ҳашыг  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәача имҩаԥысуа ҳаамҭазтәи ажурналистиказы "Урыстәыла зегьы – 2019" ҳәа хьӡыс измоу афорум далахәуп Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг. Иара арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит афорум алахәхара иаҳнаҭо атәы.
Ҳашыг шәачатәи афорум азы: аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа ҳрыҿцәажәартә алшара ҳамоуп

"Ҳара ҳазлацәажәо ахырхарҭақәа ируакуп Урыстәылатәи ажурналистцәа Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа раара. Урҭ рыԥсы аныршьо аамҭазы иҷыдоу алшарақәа рзаԥҵара, аԥсшьаразы ахшәаа иҟарҵо иагырханы ахаҵгылара азыҟаҵара. Уи иалнаршоит Аԥсны ирбаз-ираҳаз, рыԥсшьара инаҷыданы, акультура, аекономика, аҭагылазаашьа иазкны анҵамҭақәа ркьыԥхьра, убри аҟынтә, ҳара ҳашьҭоуп, иҳаԥшаауеит еиуеиԥшым аформақәа, Аԥсны акурортқәа, аҳәынҭқарра аӡыргара Урыстәыла афедералтә каналқәа, агазеҭқәа инарҷыданы Урыстәыла арегионқәа зегьы рҟны Аԥсны иамоу алшарақәа деилыркааразы. Ари афорум аҿы иҟоуп Урыстәыла арегионқәа зегьы. Даара аҩаӡара ҳаракуп, насгьы раԥхьаӡа акәны жәларбжьаратәи адунеитә еиҿкаарқәа рделегациа ыҟоуп. Аԥсны адагьы ара иҟоуп Китаи, Болгариа, Бырзентәыла, Монголиа, Польша, Италиа рхаҭарнакцәа. Ари афорум иаҳнаҭоит Урыстәыла ажурналистцәа реиԥш, аҳәаанырцәтәи ажурналисттә еиҿкаарақәеи ҳареи ҳаиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг.     

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0