Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Афотоҭыхҩы Қецба: Лаҭатәи атрагедиа аҭыхра аӡәгьы иҭахымызт

© Sputnik / Томас ТхайцукВиталий Кецба
Виталий Кецба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху амузеи аҿы цәыббра 30 рзы иаартхоит Витали Қецба ифотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан афотоаппарат ишышьҭыихызи, афотоқәа рҭоурыхи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Қецба ифотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа иазкны

"Аибашьра ианалага афотоаппаратқәа сымамызт. Раԥхьа Иура Аргәын ҳамҭас исыиҭеит "Зенит", нас Баҭал Кобахьиа – "Фед". Издыруаз аплионкақәа рымхны аҭыхра салагеит. Гагратәи ажәылара анцоз авидеогьы ҭысхуан, афотогьы ҭысхуан. Гәдоуҭа аҭыхымҭақәа злаҟасҵаша алабораториа снапала еиқәсыршәеит, сусумҭақәа иаразнак уа иҟасҵон. Аобектив бзиақәа ансоу инеиԥынкыланы аҭыхра салагеит. Аибашьра ашьҭахьгьы сара еиҭа арратә маҵзураҿы саанхеит, атехникатә ҟәшаҿы афотои авидеоқәеи рыҟаҵаразы. Зегьы иааизакны 10 нызықь фото инареиҳаны исымоуп, урҭ рахьынтә зқьы инацны ауп акьыԥхь аҿы ацәыргара ззин ыҟоу. Уажәы ацәыргақәҵаҿы иӡыргахоит 80 усумҭа, иара убас араионтә музеиқәа рҿы иҟоуп сҭыхымҭақәа. Зегь реиҳа схаҿы иаанхаз хҭысуп ԥхынҷкәын 14 рзы Лаҭа иҭархаз аверталиот. Уи даара ачҳара цәгьан. Усҟан аоператорцәа зегьы аҭыхразы мап ркит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қецба.          

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0