Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аб Никита (Адлеиба) ацқьа Мариа лныҳәа азы: аҽалархәра аҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукОтец Никита
Отец Никита  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа Гәыма ақыҭа иахьаҵанакуа иҟоу Аҽеиҭакра ауахәама амаҵ азызуа аб Никита (Адлеиба) арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақьырсиан иашахаҵараҟны жьҭаара 14 рзы иазгәарҭо аныҳәа аҵакы.
Аб Никита (Адлеиба) ацқьа Мариа лныҳәа азы: аҽалархәра аҭахуп

Ақьырсиан иашахаҵараҟны иахьа иазгәарҭоит Анцәа иан Мариа илызку аныҳәа лаша. Ари аҽны иргәаладыршәоит Константинополь Влахернтәи ауахәамаҟны иҟалаз ахҭыс. Анцәа имаҵуҩы Андреи лабҿаба ибеит ауахәамаҟны аныҳәара анцоз аамҭазы Анан Мариа лылаӷырӡ лҿаҳәҳәы дышматанеиуаз, анаҩс лкасы ахыхь иҟаз ақәыршә аалхыхны ауаа ацәгьа рацәыхьчаразы ишыҵалҳәҳәаз. Ари ахҭыс ашьҭахь ақалақь аҟны инхоз ажәлар еиқәырхан, аӷацәа рыр хьаҵит ҳәа азгәаҭоуп ақьырсиан ҩырақәа рҟны. 

"Ақьырсиан иашахаҵаратә уахәамақәа рҟны иахьа ныҳәа дууп. Ацқьа аҳкәажә анцәа дзыхшаз Мариа илныҳәоуп, ажәабатәи ашәышықәсазы Константинополь аҭыԥ змаз ахҭыс иадҳәалоуп, уи ахьӡала Аԥсынтәылагьы ауахәамақәа ыҟоуп. Ацқьа Мариа ажәлар зегьы ҳан ҳәа дыԥхьаӡоуп. Аныҳәара зегь раԥхьа иргыланы рхы аладырхәроуп аӡы иӡаахоу ауаа, аиаша қьырсианхаҵара ныҟәазго. Уи аԥхьа ҩымш-хымш шыбжьоу ахш, акәацлых рымфароуп, аныҳәара аҽалархәра аҭахуп. Ҳзышьҭоу анцәа иҳаиҭоит ацқьа аҳкәажә Мариа даҳхаҳмыршҭыр, иаҳзааигәоу бзиа иаҳбар",- иҳәеит Адлеиба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0