Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аламиа агазеҭ "Аидгылара" иазкны: усҟан аофицалтә ҭыжьымҭақәас иҟаз зегьы ҳҿагылан

© Sputnik / Томас ТхайцукГеннадий Аламиа
Геннадий Аламиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
30 шықәса раԥхьа, ҩ-бызшәак рыла зҭыжьра хацыркыз агазеҭ "Аидгылара" инаныгӡоз аусура атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит усҟан агазеҭ редакторс иамаз, апоет, ауаажәларра-аполитикатә усзуҩ Геннади Аламиа.
Аламиа агазеҭ "Аидгылара" иазкны: усҟан аофицалтә ҭыжьымҭақәас иҟаз зегьы ҳҿагылан

"1988 шықәса рзы еиҿкаан жәлар рфорум "Аидгылара". Анаҩс ацәажәара цон афорум иҭнажьуа акьыԥхьтә хархәагақәа ыҟамзар ада ԥсыхәа ыҟам ҳәа. Уажәы аинтернет ала иҟауҵалак ауеит, ахақәиҭра ыҟоуп, аха усҟантәи аамҭазы аофицалтә ҭыжьымҭақәас иҟаз зегьы ҳара иаҳҿагылан. Аԥсны иҭыҵуаз акьыԥхь, аԥсуаа ишаҳҭахызҵәҟьа, иахәҭаны иаҳаԥхьаӡоз инҭкааны ианаҳзымҳәоз аамҭан усҟан. "Аидгылара" ажәлар ҳәаақәызҵоз, хырхарҭак рыманы рхықәкахьы инеирцаз еидызкылоз акакәны еиҿкаан. Афорум ахаҭа ус иҟан, уи аҭыжьымҭагьы ус иҟалар акәын. Усҟантәи аамҭазы акьыԥхь абжьы мгар иаҳҳәоз зегьы аофициалла изеԥштә усны изыҟалаӡомызт", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аламиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0