Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гогәуа агәыҳалалра иазкны: ԥыҭҩык ацхыраара иашьцылан иҟоуп

© Sputnik Сонер Гогуа
Сонер Гогуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы иазгәеиҭеит Аԥсны ишыҟам ацхыраара заузи измауци еидызкыло иаку абаза.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Гогәуа агәыҳаларатә фондқәа русура иазкны

"Жәларбжьаратәи афонд аусура иалагеижьҭеи шьҭа хәышықәса ҵуеит. Ҳара ҳазҿу аусқәа зегьы ҳәынҭқар усуп. Хышықәса раԥхьа ҳпартниорцәа иаҳа ирацәаны ацхыраара ҳарҭон, аха хәышықәса рыҩныҵҟа дара агәаагара рызцәырҵит "абысҟак зыҟаҳҵозеи" ҳәа, избанзар, ҳус рзеилкааӡом аҳәынҭқаррагьы ауааԥсырагьы ацхыраара зауа. Ҳара иаҳҭаху алҵшәа ҳбаӡом, иҭабуп ҳәагьы зҳәоҵәҟьа ыҟам. Афонд абиуџьет Аԥсны аус зуа ҩба-хԥа фирмақәа иҳарҭо алоуп излашьақәгылоу. Ацхыраара зыҭатәу рацәаӡоуп, аха ҳара ҳахьӡома, иҳалшома дара зегьы рыԥшаара? Ԥыҭҩык ацхыраара иашьцылан иҟоуп, уи хаҭала избахьеит сусураҿы. Афонд "Ашана" иалаганы егьырҭ афондқәа ирхысны, апарламенти, атәыла ахадеи иахьымнеиц ыҟам, еснагь ацхыраара иаҳәоит. Иахьа ҳара иҳамаӡам ацхыраара заузи измауци еидызкыло иаку абаза", - ҳәа азгәеиҭеит Гогәуа.     

Иаҳа инеиҵыхны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны асааҭ 18:00 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0