Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа: амультфильмқәа адгылара ахьрымам азы, уи ахырхарҭала аҵара зҵо ыҟам

© Sputnik / Томас ТхайцукАсҭамыр Кәыҵниа
Асҭамыр Кәыҵниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа мультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит иахьа Аԥсны амультфильмқәа раԥҵаразы адгылара шыҟам атәы.

Жьҭаара 28 рзы адунеи аҿы иазгәартоит Жәларбжьаратәи анимациа амш.

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниа амультфильмқәа рзы

"Амультфильмқәа абжьы рхаҵара аџьабаа ду ацуп, амультик аԥҵара акәзар, еиҳагьы ицәгьоуп. Аџьабаа адагьы, уи адгылара амазароуп. Иара иадугалаша арҿиара уаа рацәоуп. Ирацәаҩны ауаа аусурҭатә ҭыԥқәа рылагьы еиқәыршәахоит. Абжьырежиссиорцәа, актиорцәа, амузыка аԥҵаҩцәа уҳәа. Аӡәаӡәа аспециалистцәа роуп иҳамоу, иахьа амультикқәа дгылара ахьрымам азы уи ахырхарҭала ауаа аҵара рҵаӡом. Амультфильм шаҟа ақәурӡуа аҟара убриаҟа еиӷьхоит. Ҩышықәса ҵуеит 17 минуҭ иҟоу амультик аус адулара саҿуижьҭеи. Адгылара смоузҭгьы, иара ҟаҵашьа аиуӡомызт", - иҳәеит Кәыҵниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0