Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭаркьыл арра-спорттә хәмарра "Аиааира" азы : ахәыҷқәа азҿлымҳауп, ныҳәаны имҩаԥысыр ҳҭахуп

© SputnikАслан Таркил
Аслан Таркил  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵара аминистрра абҩарҵәыреи аспорти рыҟәша аиҳабы Аслан Ҭаркьыл арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арра-спорттә хәмарра "Аиааира" апрограмма шышьақәгылоу, шаҟаҩы алахәу.
Ҭаркьыл арра-спорттә хәмарра "Аиааира" азы : ахәыҷқәа азҿлымҳауп, ныҳәаны имҩаԥысыр ҳҭахуп

Жьҭаара 29 инаркны абҵара 2-нӡа Аԥсны атәылахьчара аминисттра иатәу артеллериатә полк аҟны имҩаԥысуеит ашколхәыҷкәа  ХV-тәи ареспубликатә арра-спорттә хәмарра "Аиааира". Аицлабрақәа мҩаԥнагоит Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра атәылахьчара аминистрра адгыларала.

"Арра спорттә –хәмарра апрограммаҟны иҟоуп бџьарла ахысра, уи аимыхреи аибыҭареи, 100, 1000, 15000 метра аиԥхныҩлара, аграната аршәра, мыхәҿала аҽышьҭхра, ашаха аимырххара, ахыци ахәымпали рыла ахысра, арратә хәмарра "Аилаԥса", шьаҿеиқәшәала аныҟәара. Аицлабрақәа ирылахәуп Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи иаашьҭу еизгоу акомандақәа. Зҽалызкааз ашколхәыҷқәеи акомандақәеи иранашьахоит Аԥсны аҵара аминистрра ахьӡала аҳаҭыртә шәҟәқәеи, ахраҿақәеи, амедалқәеи, хәы змоу аҳамҭақәеи. Раионцыԥхьаӡа рҟынтәи агәыԥқәа ирылахәуп быжьҩык аҷкәынцәеи хҩык аӡӷабцәеи. 80-ҩык ахәыҷқәа алахәуп", - иҳәеит Ҭаркьыл.

Иара иазгәеиҭеит арра азыҟаҵаразы ашколқәа рҟны аҟазацәа аус ахьыруа, рааӡамҭацәа  алҵшәа бзиақәа аадырԥшуеит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0