Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барганџьиа ажурналист Дбар изы: сазхәыцлоит иԥсы ҭазҭгьы шаҟа "Аӡыхь" ҭыигоз ҳәа

© SputnikАхра Барганджия
Ахра Барганджия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адырраҭара "Аӡыхь" автор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Гарри Дбар арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит иара иаԥиҵаз адырраҭара иахьа имҩаԥызго Ахра Барганџьиа, еиҭеиҳәеит уи анапынҵа шииҭаз.
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Барганџьиа ажурналист Гарри Дбар изкны

Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, Аԥсныи Урыстәылеи ажурналистцәа реидгылақәа рлахәыла, Ахьӡ-аԥша аорден акавалер Гарри Дбар диижьҭеи иахьа 60 шықәса ҵит.

Гарри Дбар 2005 шықәса раахыс напхгара аиҭон Аԥсуа радио. Раԥхьа арадио аҟны аусура далагеит редактор еиҳабыс 1980 шықәсазы. Иара қәҿиарала еилеигӡон арадиои ателехәаԥшреи рҟны аусура. Ахәаԥшцәа рыбзиабара иаԥсахеит авторс дызмаз аԥсуа қыҭа аԥсҭазаашьа аазырԥшуаз адырраҭара "Аӡыхь". Гарри Дбар убасгьы давторуп х-сааҭктәи Аԥсуа радио адырраҭара "Ашьыжь". Ари апроект алыршаразы иазирхиеит арубрикақәа: "Аԥсуара", "Ажәак сызҳәа", "Аԥсуа етиудқәа", уҳәа егьырҭгьы. Гарри Дбар 54 шықәса дырҭагылан иԥсҭазаара даналҵуаз.

"…Дорофеи- иԥа сара ажурналистика иаҵоу акәамаҵамарақәа ртәы сыздырӡом, исзеиҿымкаар ҳәа сшәоит сҳәеит. "Акы уацәымшәан, акалами аблокноти уманы сара сҟны уааи" иҳәеит. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи хәымз аҩны сизцон, исеиҳәон сахьцаша, зҵаарас ауаа ирысҭаша, сымҩақәҵаны аҭыхрақәа рахь сишьҭуан", -  иҳәеит Барганџьиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0