Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Акьанџьақәа рызҟаза Аҳәԥҳа: бызшәала ҳанзеилибамкаауа, ҳхаҭыԥан ҳусумҭақәа цәажәоит

Асида Ахуба
Асида Ахуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Прага имҩаԥысуаз ақьанџьақәа рцәыргақәҵа зхы алазырхәыз Очамчыратәи аҟаза Асида Аҳәԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ацәыргақәҵа шымҩаԥысыз.

Асида Аҳәԥҳа Прага ацәыргакәҵахь илгеит 5 усумҭак, урҭ рахьнтә 4 аколлекциақәа реизгаҩцәа иаархәеит.

Акьанџьақәа рызҟаза Аҳәԥҳа: бызшәала ҳанзеилибамкаауа, ҳхаҭыԥан ҳусумҭақәа цәажәоит

"Ари жәларбжьаратәи цәыргақәҵан, алахәцәа даара абаҩхатәра злоу ҟазацәан. Сара хә-усумҭак сыман, ацәыргақәҵа атема иақәшәоз, уи аҩажәатәи ашәышықәса ахаҿсахьақәа роуп. Спроект даара гәахәарала ирыдыркылеит, сара сзы уи шьахәуп, ҳәарада. Ацәыргақәҵа 50-ҩык инареиҳаны иалахәын еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи, аимадара бзиа ҳабжьалеит. Арҿиареи аԥҵамҭеи џьоушьаратәы иҟоуп, бызшәала ҳанзеилибымкаауаз, ҳара ҳхаҭыԥан ҳусумҭақәа цәажәон. Ари ацәыргақәҵа анаҩс еиҭа аус дуқәа сзыԥшуп. Урыстәыла имҩаԥысраны иҟоу ацәыргақәҵақәа ҩба сҽырзыҟасҵоит. Насгьы Прага арҭ амшқәа рзы амҿтәы кьанџьазы амастер-класс сахысит. Убасгьы Испаниа имҩаԥысуа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵахь ааԥхьара сырҭеит. Ажәакала, сыгәҭакқәа рацәоуп, аха аамҭоуп исзымхо", - лҳәеит Аҳәԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0