Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Коӷониа Римма Ҳашԥҳа лзы: аҭҵаарадырра инамаданы аҟыбаҩ ҷыда злаз хәыҷтәы поетын

© SputnikВалентин Когония
Валентин Когония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афольклорист, апоет, алитературатә критик Валентин Коӷониа арадио Sputnik аефир аҟны аҵарауаҩ Римма Ҳашԥҳа дигәаларшәо, уи ахәыҷтәы поезиаҟны ллагала алыикааит.
Коӷониа Римма Ҳашԥҳа лзы:аҭҵаарадырра инамаданы аҟыбаҩ ҷыда злаз хәыҷтәы поетын

"Аԥсуа хәыҷтәы фольклор" ашәҟәы автор, уи раԥхьатәи аҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ахәыҷҭәы поетесса Римма Ҳашԥҳа диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкны Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны иахьа аконференциа мҩаԥган.

"Римма Арсени-иԥҳа Аҳашба лнапы иҵылхит акымкәа-ҩбамкәа аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Урҭ зегьы ирхадоуп 1980 шықәсазы урысшәала иҭыҵыз лмонографиа "Аԥсуа хәыҷтәы фольклор". Анаука аҟны лааԥсаразы мацара акәӡам диижьҭеи 85 аҵразы лыхьӡи лыжәлеи еидкыланы изаҳҳәо. Римма Арсени-иԥҳа аҭҵаарадырра инамаданы аҟыбаҩ ҷыда злаз хәыҷтәы поетын. Уи дыршаҳаҭуеит лара лпоезиатә аизгақәа: "Ҵиҵи- кәакәа", "Даӷьаа рчара". Лара ахәыҷтәы поезиаҟны лааԥсара ахәшьара ҳаракы заҳҭо, аԥсуа поезиаҟны имаҷуп ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа. Лҩымҭақәа ҟазшьа ҷыдас ирымоу-ритмикала уамакала еилыххоуп, афольклор, асахьаркыратә марҭхәқәа рыла еиҿырцаауп", - иҳәеит Коӷониа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0