Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәакәасқьыр Шәачатәи атуристтә форум азы: цхыраагӡоуп Аԥсны аԥсшьаҩцәа радԥхьаларазы

© Foto / предоставлено Русланом КокоскирРуслан Кәакәасқьыр
Руслан Кәакәасқьыр  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә туристтә еилахәыра аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Кәакәасқьыр арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Шәача имҩаԥысуа атуристтә форум алахәхара хымԥадатәиины изииԥхьаӡо.
Кәакәасқьыр Шәачатәи атуристтә форум азы: цхыраагӡоуп Аԥсны аԥсшьаҩцәа радԥхьаларазы

"Ҳара еиҳарак ԥсшьара иаҳзаауа асасцәа Урыстәылантәи ауп. Арегионқәа зегьы рхаҭарнакцәа ахьеизо форумуп. Ҳара уи ҵыԥхгьы сынтәагьы ҳалахәын. Аус зцаҳурц ҳҭаху атуроператорцәеи атурагентцәеи ҳрацәажәартә алшара ыҟоуп, иааиуа ашықәс азы иаҳа ҳус алҵшәа аманы иҟаларц, ҳасасцәа рхыԥхьаӡара иацларц азы. Ас еиԥш аусмҩаԥгатә алахәхара еснагь иаҭахуп, ҳаӡбахә раҳаларц азы. Аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара ишацло иаразнак иумбаргьы, хымԥада, уи ацхыраара ҳнаҭоит. Иаҳҭаауа рхыԥхьаӡара еиҵахаӡом, хәыҷы-хәыҷ акәзаргьы, аизҳара иаҿуп", - иҳәеит Кәакасқьыр.

Шәачатәи Жәларбжьаратәи атуристтә форум SIFT-2019 Гәбаадәы имҩаԥысуеит абҵара 20 инаркны 22-нӡа. Ас еиԥш афорум мҩаԥыргоит 2013 шықәса раахиижьҭеи. Атуристтә форум ахь ааԥхьара рымоуп Урыстәыла аиҳабыра, Абанк Хада, Аҳәынҭқарратә Дума, Афедерациа ахеилак рхаҭарнакцәа. Афорум иалахәуп атуризм аусхк аҟны аус зуа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0