Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа: амца арцәараан рхы иадырхәоз амшынӡы аҵиаақәа ирԥырхагам

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амцакрақәа ирыхҟьаны аԥсабара аԥхасҭа иаиуз азҵаара дазааҭгылеит апресс-конференциаҟны Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
Ҷыҭанаа: амца арцәараан рхы иадырхәоз амшынӡы аҵиаақәа ирԥырхагам

Аԥсны ашьхара иахьаҵанакуа абнақәа рҟны амцакрақәа аус шрыдырулоз иазкны Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрраҟны ахәаша, абҵара 22 рзы апресс-конференциа мҩаԥысит.

"Аԥсабара иаиуз аԥхасҭа атәы ҳҳәозар, макьана инҭкааны иҳазҳәом, избанзар уи ҷыдала аҭҵаара аҭахуп. Аха акзаҵәык абраҟа, иуҳәар алшозар ауаҩы дзыргәырӷьо, аҵлақәа ракәӡамызт иблоз, абӷьы акәын. Ашәарах амца иацәцартә иҟан. Аҵиаақәа ртәы ҳҳәозар, урҭ ахьызҳауа аҭыԥаҟны амца неизар, иалаблоит. Ашәҟәы Ҟаԥшь ианылараны иҟоу аҵиаақәа шаҟа ааха роуз, аҭҵаара зҭаху акоуп. Уи ҳҽазаҳшәоит иаарласны", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Иара иазгәеиҭеит амца арцәараан рхы иадырхәоз амшынӡы аҵиаақәа ирԥырхагахартә иҟам ҳәа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0