Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьал: ашьоура аанкылатәуп амч ала, закәанла, хшыҩла

© Sputnik / Томас ТхайцукОмар Джинджолия
Омар Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашьауӷатә кодекс аныҟоу аамҭазы, ашьоуреи ахалахьырхәреи реиҭаҿиара ҵаҵӷәыс иамоу ҳәа игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны Аԥсны Жәлар реизара адепутат Омар Џьынџьал.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Џьынџьал ашьоуреи аԥсуа закәанқәеи ирызкны

"Ахалахьырхәра абзиарахь ҳкылнагаӡом, аха убри зыҟоугьы ахатә мзызқәа ыҟазар акәхап. Аусбарҭақәа рахь унеины иуыхьыз уҳәеит, аха иудымгылеит. усҟан ауп ауаҩы дазхәыцуа даналаго, сус сара исыӡбап ҳәа.  Ари аӡә иус акәым, ари жәларык рус ауп. Ажәытә ашьоура хаҵаран, доусы изуӡомызт уи. Ашьа аргама иутәын. Уажәы ҵлак дкылатәан дхысит, ишьа иузшәа иԥхьаӡоит. Азакәан ахала ус ауӡом, уи ауаа аус адырулароуп. Раԥхьагьы дара иқәныҟәароуп, иара убри ала ишьҭыҵуеит азакәангьы, уи ада шьақәыргылашьа амам, ауаҩы иҟынӡагьы иузнагом. Ҳара ҳаҟара азакәан иақәныҟәо дыҟаӡам, аха ишацныҟәо ҳбар, еилых ҟамҵакәа, азакәан зегьы рзы изакәанзароуп. Ауаҩы даанкылатәуп амч ала, закәанла, ма хшыҩла. Акгьы аныҟамла, иҟалоит иахьа иҳамоу", - ҳәа азгәеиҭеит Џьынџьал.

Иаҳа инеиҵыхны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны асааҭ 18:00 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0