Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьынқәырԥҳа ахәаҷа-маҷақәа ралаҵәаразы: ахәшәтәрақәа аамҭа мгакәа имҩаԥгалатәуп

© SputnikМаиа Шьынқәырԥҳа
Маиа Шьынқәырԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵиаақәа рзы акарантинтә хылаԥшра асанитартә лабораториа аиҳабы Маиа Шьынқәырԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны иқәнагалаз ахәаҷа-маҷақәа рныҵәаразы ианаамҭоу аусурақәа нап шыддыркымыз.
Шьынқәырԥҳа ахәаҷа-маҷақәа ралаҵәаразы: ахәшәтәрақәа аамҭа мгакәа имҩаԥгалатәуп

"Аԥсны ицәырҵыз ахәаҷа-маҷақәа зегьы аларҵәара роуаанӡа ҳинспекторцәа иалыркаахьан, аха ианаамҭаз дара рнырҵәаразы аусурақәа ианымҩаԥымгаха, иаразнак рымҽхак дырҭбаауеит… Иахьа ирацәоуп хылаԥшрада иҟоу адгьылқәа, аҩнаҭақәа, агәараҭақәа. Анкьа аԥсуа ибаҳча дааҵалан зегьы ирыцқьон, иаҭахыз ихәшәтәуан, дахылаԥшуан. Иахьагьы зшәырҭрақәа ирхылаԥшуа дыҟоуп, аха иааигәа инхо игәыла ус аныҟаимҵа, инахарамкәа еиҭа аӡәгьы дахьнымхо адгьыл ыҟазар, уа аӡәгьы акгьы мҩаԥимгозар, ахәаҷа-маҷақәа еиҳагьы иҿиоит. Усҟан иара аҭыԥ рацәаны иаиуеит иахьцаша, иафаша", - ҳәа еиҭалҳәеит Шьынқәырԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0