Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Акаба зылшарақәа ԥку рфонд абиуџьет азы: еиҟәырҷҷо ацхыраара зҭаху ираҳҭоит

© SputnikАнзор Акаба
Анзор Акаба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зылшарақәа ԥку рфонд ахада инапынҵақәа назыгӡо Анзор Акаба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьа ҳтәылаҿы ахымхәацәа ирзырхоу ацхыраара атәы.

Ԥхәынҷкәын хԥа рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит зылшарақәа ԥку рымш.

Акаба зылшарақәа ԥку рфонд абиуџьет азы: еиҟәырҷҷо ацхыраара зҭаху ираҳҭоит

"Иҳамоу абиуџьеҭ еиуеиԥшым ахәҭаҷқәа рыла ишоуп. Ахаԥыцҟаҵаразы аума, асанатортә-курорттә ԥсшьаразы аума, ахәшәқәа рзы аума - зегьы иҳамоу абиуџьеҭ иҭакны, еиҟәырҷҷаны ҳаҿуп. Ацхырааразы иҳадҵаало зегьы рахь иҳархартә еиԥш абиуџьеттә ԥарақәа азхаӡом, аха излаҳалшо ала ацхыраара ҟаҳҵоит, шьҭахьҟа аӡәгьы даҳмышьҭыц. Ианҳалымшо аиҳабыра адырра раҳҭоит ацхыраара ҳарҭарцаз, аха абжеиҳараҩык ҳара ҳбиуџьет ала ацхыраара раҳҭоит. 128 миллион 373 нызықь мааҭ рыла ацхыраара иаҳа иҟаҳҵоит, уахьынтә иҳарҭо аиҳа", - ҳәа азгәеиҭеит Акаба.    

Зылшарақәа ԥку рфонд ахада инапынҵақәа назыгӡо иҳәеит ҳаԥхьаҟа афонд алшарақәа иаҳа еиҳахап ҳәа агәыӷра шимоу.

"Ҳбиуџьет хадырҭәаауеит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуеи аԥгаԥсатә лагалақәеи рҟнытәи. Аҳәынҭқарратә биуџьет аҿы макьана ҳаҟам, аха ҳазҭало ашықәс азы Агәабзиарахьчара аминистрра ҳадырҵоит, уи аҟнытә аҳәынҭқарратә биуџьет аҿы ҳарбахоит", - ҳәа азгәеиҭеит Акаба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0