Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бебиаԥҳа Лаҭатәи атрагедиазы: ҳаӷоу дызлаԥшыша

© Sputnik / Томас ТхайцукЕкатерина Бебиаԥҳа
Екатерина Бебиаԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҭатәи ахлымӡаах иазку ашәҟәы "Амаалықьқәа рыҵәаабжь" автор, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илгәалалыршәеит Лаҭа авертолиот шкаҳаз азы адырра шлоуз, усҟан дызлаԥшыз аҭагылазаашьа атәы.

 

Бебиаԥҳа Лаҭатәи атрагедиазы: ҳаӷоу дызлаԥшыша

"Лаҭатәи атрагедиа зегь реиҳа игәыхь дуны ҳаԥсҭазаараҿы инхаз ауп. Сара сырҿиараҿгьы зегь раасҭа зыхәра ҵаулоу, сышәҟәқәа иҭсыжьхьоу роума, афильмқәа иаԥысҵахьоу роума, зегь раасҭа ихьанҭоу теманы сыԥсҭазаараҟны инхоит. Иара хәылбыҽхоуп ианыҟалаз, аха ажәабжь ҳара ҳҿы иааӡеит жәба шыҟаз. Сара усҟан Ҟәланырхәа сыҟан, ианҳаҳа, шьапыла Гәдоуҭаҟа амҩа ҳақәлеит. Ауаҩы иблаҟны изаамго ахлымӡаах ыҟан. Аҩбатәи иааз авертолиот ауаа аԥылон. Ҳара Гәдоуҭа ахадараҟны ҳаҟан, анаҩс аредакциахь ҳнеит. Иаразнак ажәабжь аефир азырхиара иалагеит, адиктор дыҟаӡамызт, зегьы аҩныҟа ицахьан, сара исзымгәаӷьит уи ажәабжь ажәлар рылаҳәара. Доусы иара ихәышҭаара иара амца ицранаҵоит ҳәа, Тҟәарчалынтә иԥыруаз зегьы шамахамзар, иаадыруан. Адырҩаҽны Гәдоуҭа аҿаасҭа ыҟан, ауаа зегьы ӷызуан иҵәыуон, иҳәҳәон. Макьанагьы цқьа еилкаамызт иҭахази еиқәхази. Убра ҳаӷоу-саӷоу дызлаԥшышаз ыҟан", - ҳәа илгәалалыршәоит Бебиаԥҳа.

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

27 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы ахҵәацәа зықәтәаз авертолиот МИ-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит. Авертолиот анышьҭыԥраа 17 минуҭ рышьҭахь, уи аамҭазы қырҭҭәылатәи архәҭақәа рнапаҿы иҟаз Кәыдрытәи аҩхаа, Лаҭа ақыҭа ианахыԥраауаз, иҭархан. Рыԥсқәа шҭаз амца иалаблит 87-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, ааҩык зцәа зтәымкәа иҟаз аҳәса.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0