Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қәычбериа анард ахәмарразы атурнир азы: ахәмарыҩцәа џьбаран

© Sputnik / Томас ТхайцукМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра имҩаԥысуаз анардқәа рзы атурнир аҿы аиааира згаз Ҭемыр Қәычбериа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит иԥылаз ахәмарыҩцәа зегьы шыџьбараз.
Қәычбериа анард ахәмарразы атурнир азы: ахәмарыҩцәа џьбаран

"Хымш ицоз атурнир иалахәын 74-ҩык. Аҵәҭаԥсарала иалкаан еицыхәмаруаз, сара сакәзар, хәба-хәба хәмарра мҩаԥызгеит, дара зегьы рҿы аиааира згеит. Ахәмарыҩцәа џьбаран, аха сара маҷк иаҳа исықәманшәалхеит. Афиналтә хәмарраҿы аԥхьа 6-1 ҳәа аҵахара саҿын, аха нас азар ааҳәын, 10-11 ҳәа аиааира згеит. Азарқәа аҵәца хәыҷкәа ирҭаԥсаны иҳаршәуан, џьара еилагарак ҟамларцаз. Атурнир ахьынӡамҩаԥысуаз ахәаԥшцәагьы рацәан, урҭи ахәмарыҩцәа рхаҭақәеи атурнир азҿлымҳара бзиа арҭеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қәычбериа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0