Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәаҳәаҩ Габниаԥҳа: асолотә концерт анымҩаԥызга, адырҩаҽны самхаҵәыуеит

© SputnikСаида Габния
Саида Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәаҳәаҩ Саида Габниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ииасыз 2019 ашықәс азы лырҿиараҟны илымаз аихьӡарақәеи, иара убас аԥхьаҟатәи лыгәҭакқәеи ртәы.
Ашәаҳәаҩ Габниаԥҳа: асолотә концерт анымҩаԥызга, адырҩаҽны самхаҵәыуеит

"Аиаша шәасҳәап иахьа уажәраанӡагьы исызхаҵаӡом асолотә концерт мҩаԥызгеит ҳәа. Адырҩаҽны слатәаны аҵәыуара салагеит, абриаҟара сҽазыҟасҵон ирласны ишԥацеи ҳәа. Уи аконцерт астимул ду снаҭеит, уаҳа акгьы сҭаххом ҳәа сгәы иаанагон, аха сҩашьеит. Аус еицаҳуеит Анри Гәынбеи (амузыкант, акомпозитор- аред.) сареи, ҳалагахьеит аҩбатәи альбом, ари ашықәс иҭагӡаны иаҳзыҟаҵар бзиоуп, сгәыӷуеит иалыршахап ҳәа", - лҳәеит Габниаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0