Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Азиндырыҩ Габуниа: алхрақәа рзы азеижәтәи ахәҭаҷ аполитикцәа алахәҳаахәҭуеит

© SputnikГеоргий Габуния
Георгий Габуния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азиндырыҩ Гьаргь Габуниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа адкыламҭа ииашоуп ҳәа игәаанагара иҳәеит.
Азиндырыҩ Габуниа: алхрақәа рзы азеижәтәи ахәҭаҷ аполитикцәа алахәҳаахәҭуеит

"Иреиҳаӡоу аӡбарҭа акассациатә аинстанциаҿы ирыдыркылаз ақәҵара сара зындырҩык иаҳасабала сазыразуп, уи адагьы исҳәар сылшоит иара аӡбамҭа ахаҭа закәантәуп ҳәа. Дарбанзаалак азиндырыҩ данаԥхьо еиликаауеит изаку, измааноу, ҵаҵӷәыс иамоу, афактқәа зегьы ҭҵаауа уҿааухар, уи убарҭоуп. Убри аан сара ганк садгыланы, мамзаргьы даҽа ганк садгыланы ҳәа азнеишьа сымаӡам. Иара атәыла ахада иалхрақәа рзы азакәан азеижәтәи ахәҭаҷ ахаҭа акәзар, уи ирацәаны азҵаарақәа цәырнагартә еиԥш иҟаӡам, мамзаргьы иузелымкаартә иҟоуп ҳәа аҳәара ииашам, аха апрактика иаҳнарбеит уи аполитикцәа ишалахәҳаахәҭуа, уи ҟамларцаз, икылыршәаатәуп, аиҭакрақәа алагалатәуп, егьыс иахьагьы уа зегьы еилыхха иануп", - ҳәа иҳәеит Габуниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0