Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ахба еиҭеиҳәеит аныҳәақәа раан аԥсшьарҭақәа аус шыруз, иахьынӡахарҭәааз

© Sputnik / Томас ТхайцукАсҭамыр Ахба
Асҭамыр Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Асасааирҭақәа рнапхгаҩцәа реидгыла ахада Асҭамыр Ахба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аӡынтәи аныҳәамшқәа раан аԥсшьарҭа ҩнқәа аус шыруаз, аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшраз.
Ахба еиҭеиҳәеит аныҳәақәа раан аԥсшьарҭақәа аус шыруз, иахьынӡахарҭәааз

"Адинамика ишаҳнарбо ала аԥсшьаҩцәа ԥхынҷкәын 25 инаркны акәым Аԥсны ианаҭаауаз, 30-31 инаркны ауп рхыԥхьаӡара ианацла. Иҟан аԥсшьарҭа ҩнқәа ибзианы ауаа змаз Афон ҿыц ақалақь аҟны аӡынтәи аныҳәақәа рзы, урҭ уа рхыԥхьаӡара рацәам 4-5 сасааирҭа роуп, иара убас Гагра ақалақь аҟны иҟан ауаа аԥсшьарҭа ҩны дуқәа рҟны. Аԥсшьаҩцәа 100-процентк рҟынӡа рыдыркылеит узҳәом, аха 60 процент инацны иҟан. Ҽнактәи ԥсшьарала иааны асасааирҭақәа рҟны иаангылоз ыҟан, усҟан аԥсшьарҭа ҩнқәа ҭәит ҳәа рзуҳәар ҟалоит. Иҟан убасгьы Аԥсны зыԥсы зшьоз Шәачаҟа ԥсшьара ианцоз, еиҭанеиааиуеит акурортқәа рыбжьара", - ҳәа азгәеиҭеит Ахба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0