Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Жорданиа ақәыргыламҭа "Оскар" азы: иҳамоу акомедиақәа иреиӷьны иҟаҳҵар ҳҭахуп

© SputnikЏьамбул Жорданиа
Џьамбул Жорданиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Искандер ихьӡ зху Аурыс хәынҭқарратә драматә театр актиор Џьамбул Жорданиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ароль хада ахьынаигӡо акомедиатә қәыргыламҭа "Оскар" ахәаԥшцәа ирыдыргалараны ишыҟоу.

Жәабран 6 рзы Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны акомедиатә қәыргыламҭа "Оскар" аԥхьарбара мҩаԥысуеит. Ақәыргыламҭа арежиссиорс дыҟоуп Сергеи Ефремов.

Жорданиа "Оскар" азы: иҳамоу акомедиақәа иреиӷьны иҟаҳҵар ҳҭахуп

"Арежиссиор иахьа-уаҵәы ҳаизыԥшуп, ақәыргыламҭазы аамҭа маҷуп, сара хаҭала уи сацәшәоит, аха  аус адулатәхоит иӷәӷәаны. Арежиссиор даиаанӡа аҽазыҟаҵара ҳаҿуп. Ишыҟало атәы ҳҳәозар, асценаҟны иқәыргылахо акино еиԥшхаӡом. Апиеса х-актк рыла иҟоуп, аха ҳара ҩбаны иҟаҳҵароуп. Уи арежиссиор инапы иануп, ишыҟало иара ида аӡәгьы издыруам. Ҳара хықәкыс иҳамоу даара ирччаганы, иԥсыршьаганы, иҳамоу ҩба-хԥа комедиа иреицәамкәа акәым, иреиӷьны аҟаҵара ауп", - иҳәеит Жорданиа.

Клод Мание ипиеса "Оскар" хыԥхьаӡара рацәала абызшәақәа рахь ииагоуп, адунеи аҟны ақәҿиара змоу ауп. Иара убас ахәаԥшцәа рацәаны ирыман ари апиеса ала Франциеи Америкатәи аштатқәеи иҭырхыз акиносахьақәа Луи де Фиунеси Сильвестер Сталоннеи ахьыхәмаруа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳәар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0