Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Адлеиԥҳа: ашколқәа рҟны акарантин алаҳгалартә аҭагылазаашьа ыҟам

© SputnikЛиудмила Адлеиԥҳа
Лиудмила Адлеиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь аҵара аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит аӡынтәи ахьҭалаларақәа ирыхҟьаны ашколқәа рҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Адлеиԥҳа: ашколқәа рҟны акарантин алаҳгалартә аҭагылазаашьа ыҟам

"Есышықәса ицәырҵуа агрипп чымазара ахы акит. Ашколқәа рҟны иагу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара рацәоуп. Еиҳарак аҵаҩцәа ахьагу ажәабатәи, аҩбатәи, аԥшьбатәи, ахәбатәи, ахԥатәи ашколқәа роуп, уаҟа иҭоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара зқьи ҩышәҩык инареиҳаны иҟоуп. Иааидкыланы иуҳәозар, ашколқәа ирҭоу 8 нызқьи 435-ҩык рҟынтәи иахьазы иагуп 937-ҩык, убри аҟынтәи акарантин алаҳгалартә еиԥш аҭагылазаашьа макьана иҟам. Ичмазаҩу ахәыҷқәа шԥаҟам, аха аҭаацәа шәаны ашкол ахь иназмышьҭуагьы рацәоуп. Ҳара адҵа ҟаҳҵеит ашкол иагхо амедицинатә қьаадқәа рыманы иааирц", - лҳәеит Алдлеиԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0