Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габелиа "Ицқьоу Аԥсны" азы: ауаа реизгара ҳалҳалшароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеван Габелиа
Леван Габелиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ААУ азинҭҵааратә факультет актәи акурс астудент, акциа "Ицқьоу Аԥсны" аицеиҿкааҩ Леван Габелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иаԥшьыргаз акциа атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габлиа акциа "Ицқьоу Аԥсны" иазкны

Аҿартә хеидкыла "Молодая гвардия" мышкала Аԥсны ахы-аҵыхәа агәамсам ақәгара рыгәҭакуп.

"Акциа ахаҭа еиҩшоуп ҩ-хәҭакны: актәи – раионцыԥхьаӡа ауаа реизгара, еиқәыршәахоит агәыԥқәа, аҩбатәи - агәамсам ахьышьҭоу аҭыԥқәа ралкаара. Нас, лаҵарамзазы ҳгәы иҭоуп мышкы иалагӡаны Аԥсны зегьы арыцқьара. Ари аус даара ицәгьоуп, аԥарагьы аҭахуп, аха еиҳарак ауаа рымч. Ас еиԥш акциа мҩаԥысхьан Естониа, 2008 шықәса рзы. Аиҿкааҩцәа ирылшеит 40 нызқьҩык ауаа реизгара, дара ирылшеит мышкала жәа-нызқь тонна агәам еизган. Ҳаргьы ҳгәыӷуеит акциа алҵшәа бзиа аиуп ҳәа", - еиҭеиҳәеит Габелиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0