Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барцыц: аҭоурыхтә ҭынха ыҟазар ахьалшо адгьылқәа игәамҭакәа рхы иадырхәоит

© Foto / Руслан БарцыцРуслан Барцыц
Руслан Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Археолог Руслан Барцыц арадио Sputnik аефир аҟны агәҭынчымра ааирԥшит иахьа Аԥсны аҭоурыхтә ҭынха ахьчара аганахьала иҟоу аиҵахарақәа рзы.
Раионк аԥсҭазаараҟнытә: Барцыц Гагра араион аҭоурыхтә ҭынха ахьчара иазкны

"Иахьа Аԥсны аибашьра еилгеижьҭеи 25 шықәса иреиҳауп, иаҳҳәеит, еиҭаҳҳәеит ҳҳәынҭқарра ахьынӡанаӡааӡо аҭоурыхтә баҟақәа рыхьчара аганахьала ашәҟәқәа ҳаҩхьеит, аха макьана ҳаргәалашәом. Ҳара уи азы ауалафахәы ҳауӡом, иаҳуалԥшьоуп, иҟаҳамҵар ада ԥсыхәа ҳамам, иҟаҳҵартәгьы аҳәынҭқар аҭагылазаашьа ҳаиҭароуп. Адгьылқәа хылаԥшра рызҭо акомиссиа иалоуп Асанитартә епидемиологиатә станциа, Абылраҽацәыхьчаратә маҵзура, "Аӡыканал" аусзуҩцәа, ҳаргьы уа ҳалахәын, аха ҳанырхит. Ҩаԥхьа ҳанырҵар ҳҭахуп. Адгьылқәа анырзоурыжьуа арзаҳалқәа рыҩуеит асасааирҭақәа рыргыларазы, досу иахьааиҭаху иргылоит атуристтә ԥсшьарҭақәа. Аҭоурыхтә баҟақәа ыҟазар ахьалшо адгьылқәа рхы иадырхәоит. Уи азы иахәҭоу аусбарҭақәа ирыдҵаалароуп. Уи ашьҭахь ҳара ҳнеины ажрақәа мҩаԥаагароуп, излауала ҳҭоурыхтә баҟақәа еиқәҳархароуп. Аргыларақәа ирылаго рҟынтә 10-15 процент роуп ҳара ҳахь иааиуа, егьырҭ ирзымдыруашәа ҟарҵоит. Акомиссиақәа ианақәырклак, иҟаҳҵои шьҭа ҳәа иқәгылоит аханқәа андыргылалак ашьҭахь", -иҳәеит Барцыц.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0