Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьениа ааԥынтәи ацәыргақәҵазы: ҳаигәырӷьоит аҿар русумҭақәа ахьырацәоу

© Sputnik Виталий Джения
Виталий Джения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аусумҭақәа ралԥшаара шымҩаԥысуаз атәы.
Џьениа ааԥынтәи ацәыргақәҵазы: ҳаигәырӷьоит аҿар русумҭақәа ахьырацәоу

Хәажәкыра 3 асааҭ 12:30 рзы Аҟәа ацәыргақәҵатә зал аҿы иаартхоит есышықәсатәи аҭыԥантәи асахьаҭыхҩцәа рцәыргақәҵа.   

"Ацәыргақәҵа ааԥын ааира иадаҳҳәалоит, аҳәса ирыдаҳәныҳәалоит. Иара есышықәса имҩаԥаагоит. Аҳәса русумҭақәагьы ӡыргахоит. Ирацәоуп аҿар русумҭақәагьы, уи ҳаигәырӷьоит. Аҭыхымҭақәа зегьы акомиссиа иалнаԥшаауеит. Ақәыргылара иаԥсоу иаԥсаму иахәаԥшуеит. Убас еилырхны иҳаргьежьқәазгьы ыҟоуп. Ацәыргақәҵатә зал аҿы иӡыргахо рыҩаӡарагьы ҳаракызароуп, убри аҟынтә иаарго зегьы ҳадаҳкылом", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьениа. 

Ааԥынтәи ацәыргақәҵа аартхоит хәажәкырамза 15-нӡа.

Инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0