Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гыцба Хәыта Џьапуа инаигӡоз ахаҿсахьақәа рзы: ацәаныррақәа рацәаны иузцәырыргон

© Sputnik / Томас ТхайцукШьалуа Гыцба
Шьалуа Гыцба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист Шьалуа Гыцба арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит аԥсуа актиор, арежиссиор Хәыта Џьапуа.

Збаҩхатәра ҳаракыз, амилаттә сатиреи аиумори ржанр ашьақәыргылараҿы злагала дууз, зактиортә ҟазарыла ахәаԥшцәа бзиа еицырбахьаз Жәлар рарист Хәыта Франкьыл-иԥа Џьапуа иахьа иԥсы ҭазҭгьы 90 шықәса ихыҵуан.

Хәыта Џьапуа дахьактиорыз анаҩс режиссиор хадас аус иуан Аԥсуа драматә театр аҿы. Иара иқәиргылахьан имаҷымкәа аспектакльқәа, убасгьы ҩба-хԥа кинофильм рҿы дыхәмархьан. Иаагозар, Искандер иҩымҭа "Напыхьараџь" иалхны акинорежиссиор Виачеслав Аблоҭиа иҭиххьаз афильм аҿы Хәыта Џьапуа Шьаабан Ларба ироль хада наигӡахьан.

Аԥсны Жәлар рартист Шьалуа Гыцба игәалаиршәеит Хәыта Џьапуа илаз аҟазара шыҳаракыз.

 

Гыцба Хәыта Џьапуа инаигӡоз ахаҿсахьақәа рзы: ацәаныррақәа рацәаны иузцәырыргон

"Хәыта Џьапуа актиорк, режиссиорк иаҳасабала ауаа деицырдыруа дҟалеит Гарсиа Лорка ипиеса "Ишьаарҵәырахаз ачара" ала. Ари дипломтә қәыргыламҭан. Уи даара алҵшәа зманы, иаԥсыуатәны иҟаҵаз, Аԥсуа театр арепертуар аҟны иацгьы, иахьагьы ҵәатәы шьаҟаны зыхьӡ уҳәаша қәыргыламҭаны иҟалеит. Ари аспектакль 22 аншлаг аман Аԥсуа театр аҟны.

 

Хәыта Џьапуа адраматә, асатиратә хаҿсахьақәа бзианы инаигӡон, ацәаныррақәа рацәаны иузцәырҵуан. Иахьа ишынаигӡози уаҵәы ишааирԥшуази ахаҿсахьа еиԥшымызт, амҩақәа рацәаны иалихуан, аспектакль анцозгьы, ушақәымгәыӷуаз акы аауҿаиргылон, ахреиԥш, уазҟазамызҭгьы, иузеицәан, уазҟазазҭгьы иара имҩа уанылон, дҟаза уаҩын, актиор дуун", - иҳәеит Гыцба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0