Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Елерџьиа: Дранда инхо еиҳарак изыргәамҵуа аусурҭа ҭыԥқәа рыҟамзаара ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукЕлерджия Отар
Елерджия Отар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион Дранда аҳабла ахада Оҭар Елерџьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит уаҟа инхо рыбзазашьа атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Елерџьиа Дранда инхо рыбзазашьа иазкны

"Дранда иахьаҵанакуа хәнызқьҩык рҟынӡа нхоит. Аӡымҩангагақәа рганахьала ауадаҩрақәа ыҟан. Ҩышықәса раԥхьа 250 ҭӡы рыҩнаҭақәа ибзианы ӡыла еиқәыршәан. Амҩақәа ҩба-хԥа рҟны акаҭран ықәаҳҵеит. Алашара атәы ҳҳәозар, атрансформаторқәа рзы аиҵахарақәа ыҟан, ииасыз ашықәс азы урҭ рыԥсахит, ашьаҟа ҿыцқәа адырсит. Ауаа еиҳарак изыргәамҵуа аусурҭа ҭыԥқәа рыҟамзаара ауп. Хышықәса раԥхьа ауҭраҭых ааӡарҭақәа еиҿыркааит, аҭыԥан инхо рыдыркылеит, аха зегьы уаҟа усурала ирзеиқәыршәом. Аӡын 50-ҩык рҟынӡа уа аус руеит, аԥхын шәҩык инарзынаԥшуа. Аҳаирбаӷәазахь  ушцо еиҿыркааит даҽа ааӡарҭак, уаҟа 60- ҩык рҟынӡа аус руеит аӡын, аԥхын 140-ҩык инарзынаԥшуа", - иҳәеит Елерџьиа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0