Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какалиа акамшьиа акразы: сынтәа аквота нагӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукАмиран Какалия
Амиран Какалия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ихыркәшоуп акамшьиа асезон. Ақыҭанхамҩазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Амиран Какалиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы уи алкаақәа ҟаиҵеит.
Какалиа акамшьиа акразы: сынтәа аквота нагӡам

"Ԥхынҷкәынмза рзы аԥсыӡ бзианы иҟалеит, аха ашықәс ҿыц нахыс имаҷхеит зынӡагьы. Акразы ззин ыҟаз 75 тонн рҟынтә, иркит 41 нызқь тонна инацны. Аԥсыӡкра аамҭа нҵәахьеит, аӷбақәа зегьы цахьеит, уажәы аихшьаалақәа рыҟаҵара ҳаҿуп. 30 миллион мааҭ инацны абиуџьеҭ иахыԥхьаӡалоуп. Уажәы аусурақәа аанкылоуп апандемиа иахҟьаны, аха анаҩс еиҭа иацҵахоит. Аԥсыӡ амаҷхара зыхҟьаз ҳәа макьана еилырганы иҳамам, имҩаԥаагаран ҳаҟоуп аҭҵаарақәа, ҳрыҿцәажәоит дара азауадқәа рнапхгаҩцәеи аекологцәеи. Хәажәкырамза 31-нӡа акәын аԥсыӡкра азин ахьыҟаз, аха аӷбақәа русура хдыркәшеижьҭеи шьҭа 20 мшы ҵуеит, уи аԥсыӡ аҟамзаара иахҟьеит. Амшынӡы аԥхарра аныҳаракхалак дара Аԥсны иахьаҵанакуа иаангылаӡом. Азауадқәа аԥсыӡшылеи аԥсыӡшшеи ҟарҵеит. Ҵыԥх 125 миллион мааҭ аԥара ҭагалазҭгьы, сынтәа 30 миллион мааҭ роуп иалыршахаз", - ҳәа азгәеиҭеит Какалиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0