Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьыкырԥҳа аибашьҩы Меџьыҭ Ԥкьын изы: ихьӡ наӡаӡа аҭоурых иазынхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГугуца Джикирба
Гугуца Джикирба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьар Ҟаԥшь аордени Суворови Кутозови рҳамҭақәеи занашьаз Меџьыҭ Ԥкьын дҭахеит Польша ахақәиҭтәраан 22 шықәса дшырҭагылаз. "Саныҟам дышәхашәмыршҭын" ҳәа иара иҭоурых иазку ашәҟәы автор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аибашьҩы иҭоурых.
Џьыкырԥҳа аибашьҩы Меџьыҭ Ԥкьын изы: ихьӡ наӡаӡа аҭоурых иазынхеит

"Меџьыҭ Ԥкьын аҩныҟа иааишьҭуаз асаламшәҟқәа рыла ишьақәыргылоуп иара Украина, Белоруссиа, Брест ақалақьқәа рҭарцәра дшалахәыз. Аҵыхәтәантәи исаламшәҟәы ааит иаҳәшьа лыхьӡала нанҳамза 17 рзы, иара иԥсҭазаара ҿахҵәеит уи аниҩуаз ашьҭахь хымш ааҵуаны. Иҭаацәа Меџьыҭ знымзар зны аҩныҟа дхынҳәуеит ҳәа еснагь изыԥшын, иара аибашьра анеилга ашьҭахьгьы. Аибашьра аанҵәоны 24 шықәса рышьҭахь, иаҳәшьа асаламшәҟәқәа шеиллыргоз илбеит Меџьыҭ дышҭахахьаз атәы зҳәоз ашәҟәы. Уаҟа иарбан иара 36-тәи ахысратә полк абзарбзантә рота дшалаз, аҵыхәтәантәи аамҭазы уи командаҟаҵаҩыс дшыҟазгьы. Польша иалало ианалга, иара дызгашаз ахы иқәшәеит. Иаҳәшьа лыԥсы ахьынӡаҭаз илымкаа аԥсҭазаара лхы иалымҭаӡеит. Ашәҟәы иҭҳажьыз "Саныҟам дышәхашәмыршьҭын" аҿы Меџьыҭ исаламшәҟәқәа 60 роуп зыиагара алыршахаз. Дара карандашьла иҩын аҟнытә зегьы реиқәырхара залмыршахеит. Иара ихьӡ наӡаӡа аҭоурых иазынхеит, иԥсы ҭаны аԥсуа жәлар дрылагылоушәа наӡаӡа аҭоурых дазаанхеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьыкырԥҳа.

Афырхаҵа иҭоурых иаҳа инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы, иара убас арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0