Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ламиа Очамчыра араион аҭагылазаашьа ҷыдазы: ажәлар гәамҵуам, аԥҟарақәа ирықәныҟәоит

© Foto / предоставлено Баталом ЛомияБатал Ломия
Батал Ломия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра амилициа араионтә ҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Баҭал Ламиа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит акарантин аҿы иҟоу 24-ҩык ауааԥсыра рҭагылазаашьа атәы.
Ламиа Очамчыра араион аҭагылазаашьа ҷыдазы: ажәлар гәамҵуам, аԥҟарақәа ирықәныҟоит

"Амилициа аусзуҩцәа аҭагылазаашьа ҷыда аԥҵоуижьҭеи есыҽны аусура иҟоуп. Аҭыԥҳацәа рганахьала аграфик еиҿкаауп. Ари аамҭа иалагӡаны аҳәаа иахыҵны араион ахь иаахьеит 24-ҩык ауааԥсыра. Урҭ зегьы ҩымчыбжь акарантин иахысуеит. Дара есыҽны игәарҭоит амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа, уи ашьҭахьгьы аҳақьымцәа рҭагылазаашьа еилыркаауеит. Иахьатәи амш азы хҩык ауаа акарантин иқәххоит, дара ргәабзиара бзиоуп. Ажәлар иҟоу аҭагылазаашьа бзиан еилыркаауеит, аԥҟарақәа ирықәныҟәоит, еиларгаӡом, аҩны идәылҵӡом. Еиҿкаауп аштаб, аволонтиорцәа ацхыраара рырҭоит, фатәык мамзар хәшәык рҭахызар, аволонтиорцәа рҭелқәа рымоуп, урҭ ирзасны ирыҳәоит ирҭаху рызнаргарц азы", - еиҭеиҳәеит Ламиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа рзы аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0