Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аламиа Муса Шанибов ҳаибашьраҿы илагалазы: Кавказ жәларқәа ршьа ирҿыхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГеннадий Аламиа
Геннадий Аламиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 28 рзы зыдунеи зыԥсахыз Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рконфедерациа ахадас иҟаз, аполитик, аҵарауаҩ Муса Шанибов аԥсуа жәлар реибашьраҿы нхыҵтәи рашьцәа рыдгыланы иқәԥарц азы илагала арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ауаажәларратә усзуҩы, апоет Геннади Аламиа.
Аламиа Муса Шанибов изы: Кавказ жәлар реидкыларазы ашьа арҿыхара зыбзоуроу дыруаӡәкуп

"30 шықәса инареиҳаны издыруаз, даара исзааигәаз ауаҩы дсыԥхеит. Шанибов идҳәалоу аамҭа ҭоурыхтә аамҭоуп. Ажәохәтәи-ажәибжьтәи ашәышықәсақәа раан иҟаз афырхаҵаратә аамҭа еиҭа ҳазыхынҳәызшәа ҳҟалеит ҳара ҳаибашьраан. Адыгцәеи ҳареи еицаҳзеиԥшу афырхацәа Нарҭаа, жәабжьны, лакәҵас иҟаз, лабҿаба иааины рашьцәа ирыдгыланы, Нарҭаа ирышьашәалоу афырхаҵара аарԥшны, рхы иамеигӡакәа рашьцәа рзы ашьа каҭәаны, еиҭа аҭоурых ахь ихынҳәит, аепос хадырҭәааит. Убри хазырҭәааз дыруаӡәкуп иара. Шанибов ауниверситет аҿы аус иуан, дыпрофессорын, абри зегьы нышьҭаҵаны, Султан Сосналиевгьы ус ҟаиҵеит, рашьцәа рывагылара шхадыроу еилкааны, иааины иҳавагылеит. Аӡәгьы ажәала дузыргылаӡомызт, ашьа агәалашәара амоуп, убри агәалашәара рҿыхатәын Кавказ жәлар реидкылараҿы. Уи арҿыхараҿы Муса Шанибов илшаз даара ирацәоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аламиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0