Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Цыгәба аибашьра Ду иалаӡыз иаб иашьа Алықьса изы: имҭаны ҩ-салам шәҟәык ҳзынхеит

© Foto / предоставлено Игорем Цугба Игорь Цугба
Игорь Цугба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арадио Sputnik аусзуҩцәа аиҿцәажәарақәа анырҵоит. Аацы ақыҭа иалҵыз Алықьса Шьаабан-иԥа Цыгәба иеибашьратә мҩа атәы еиҭеиҳәеит иашьа иԥа Игор Цыгәба.
Аиааира ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: Цыгәба иаб иашьа Алықьса изкны

"Цыгәба Алықьса Шьаабан-иԥа 1922 шықәсазы Аацы ииз арра даныргоз ашәҟәы ҟарҵеит 19 шықәса ихыҵхьеит ҳәа. Нанҳәа 8, 1941 шықәсазы Гәдоуҭатәи арратә комиссариат аҟынтәи аибашьра иԥхьеит. Аҭаацәараҟны фҩык ахашара ыҟан, хҩык аишьцәеи хҩык аиҳәшьцәеи. Иара агәыбжьанытә иакәын. Далгеит Афонҿыцтәи ашкол, мызқәак ақыҭаҟны адәқьан аҿы аус иуан. Саб деиҳабын, анхара дадҳәалан, ари иаҳа деиҵбын, аха еибашьра дцеит. Уи ашьҭахь ҳабгьы дыргеит аибашьра, аҩныҟа иԥсы ҭаны дааит. Ҳаб иашьа Алықьса иҟынтәи асалам шәҟәқәа ҩба заҵәык роуп иаанхаз. Руак ҽеишәа иузеилыргаӡом, егьи Ворошиловоград дыхәны дахьышьҭаз ахәышәтәырҭа аҟынтәи иааишьҭит 1942 шықәса маи 24 рзы.  Аҭоурых аҟынтәи иаҳдыруеит Сталинград "Дом Павлова" ҳәа иахьашьҭоу, 58 мшы аӷацәа рҟынтәи иахьырыхьчоз убра дыҟан, асержант Павлов игәыԥ далан.  Асовет Еидгыла афырхаҵа ҳәа ахьӡ ианаршьеит Павлов. Ҳаиашьара иреиуаз Павлов иԥсы анҭаз дырбеит, убри ала иӡбахә раҳаит. Амала иара дызлардыруаз Сукба ажәлала акәын Цыгәба ҳәа акәӡам. Павлов иажәақәа рыла, аибашьцәа досу дахьатәииз иҳәон. Иара ҳа ҳтәы аԥсуа ус иҳәозаарын: "аибашьра нҵәар, аҩны шәсызнеир, аҩы бзиа шәсыржәуеит, апельсин шәҿасҵоит" ҳәа. Артқәа Павлов ианиҵеит. Агазеҭ "Сталинское знамя" аҟны Павлов ихаҭа ишиҳәоз ала: "Солдатская честь моя требует сказать, что этот дом был не только домом Павлова, но и домом Александрова, Черноголова, Глущенко, Сукбы, Степаношвили и всего нашего гарнизона".  Абри 1942 шықәсазы Сталинград Юри Чепурин дара рҿы дыҟазаарын ианиҵеит…
Ҳара излаҳдыруа ала дҭахеит, ихабар ҳәа уаҳа акгьы ҳаздыруам, аха ашьҭахь дрыҭҟәеит Власов идгылаҩцәа ҳәа, иҭоурых ргәамԥхо, Волгоград зны ашәҟы данырҵо, зны данырхуа - иҟалаз сыздыруам. Аиаша ахьыҟоу сыздыруам, ҳара Павлов иҩны ашьҭахь ихабар уаҳа зынӡа иҳаздырӡом.  Амала Аацытәи ашкол иҳьӡ ахуп, 1967 шықәсазы Аԥсны АССР аминистрцәа рхеилак уи азы аусԥҟа ҭнажьит", - иҳәеит Цыгәба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0