Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьԥҳа лаб Сардион изы: акыр аҳәынҭқаррақәа шьапыла срыкәшан саахьеит ҳәа иҳәалон

© Foto / предоставлено Беллой Цвижба Белла Цвижба
Белла Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҷлоу ақыҭа иалҵыз Сардион Ҵәыџь иашьцәеи иареи Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын. Урҭ рҭоурых атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Сардион иԥҳа Белла Ҵәыџьԥҳа.
Аиааира Ду ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: Сардион Ҵәыџь иеибашьратә мҩа иазкны

"1941 шықәса рзы аибашьра иалаагаанӡа уи аԥхьа иара арра дахысуан. Хышықәса ихганы данааи, 1939 шыкәса рзы асоветтә-финтәи аибашьрагьы далахәын. Уахь хатәгәаԥхарала дцоит. Иара убри аибашьра атәы игәалаиршәар иҭахымызт, избанзар, иара ииашам еибашьроуп ҳәа иазгәаҭоуп. 1941 шықәса рзы Аџьынџьтәылатә аибашьра Ду ианалага еиҭах хатәгәаԥхарала дцоит. Иара деибашьуан 256 артиллериатә полк 9-тәы ахысратә дивизиаҿы. Иара наводчикс дыҟан, аҵыхәтәаны командир батареи ҳәа дҟалеит. Зны Ҟәбан аӡы ахықәан, анемец иҽырӷәӷәаны дахьтәаз аӡы ирсны аӷа ир ирҿагылан аԥхьаҟа ицаразы иҟаз ажәылара далахәын. Абраҟа ашәҟәқәа изларҳәо ала саб ихала бзарбзанла дреихсуан аӷацәа. Ахырӷәӷәарҭа аибашьра зегьы иара ихала идикылеит. Убри азгьы иара ианашьан амедал. Иара иҳәамҭаны исгәалашәоит, Реихстаг анырга ашьҭахь лаҵарамза 20-нӡа иалсны Чехословакиа ицон, Прага анемец ир еиҳарак иӷәӷәаны иахьтәаз аҵыхәтәанынӡа деибашьуан," - ҳәа еиҭалҳәеит Ҵәыџьԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0