Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габлиа аибашьра Ду иалахәыз иабду иашьцәа рзы: рҭоурых ҳхашҭӡом

© Sputnik Бадрак АвидзбаГлавный специалист научно-исследовательского отдела Госстатистики Инал Габлия
Главный специалист научно-исследовательского отдела Госстатистики Инал Габлия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арадио Sputnik амҩаԥгаҩцәа аиҿцәажәарақәа анырҵеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахаз Варлам Габлиеи аибашьҩы Гьаргь Габлиеи аефир аҟны реибашьратә мҩа дазааҭгылеит Инал Габлиа.
Габлиа аибашьра Ду иалахәыз иабду иашьцәа рзы: рҭоурых ҳхашҭӡом

"Варлам Алықьса-иԥа Габлиа аибашьра зегьы ихигеит. Иааирԥшыз агәымшәаразы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ даԥсахеит. Венгриа ақалақь Естергом азааигәара 1945 шықәса хәажәкырамзазы ԥшьымш аӷа иҿагылан асержант еиҳабы Варлам Габлиа напхгара зиҭоз аминаршәгатә гәыԥ. Ахәра ӷәӷәа шимазгьы иҭыԥ нижьуамызт. Имчқәа анмаҷӡаха шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит ируаа, иара дырҵәахит, аха аӷацәа дрымбаӡеит. Хымш рнаҩс аӷацәа ириааит. Сара ишыздыруа ала, аибашьраан иара фынтә дхәын. Убасгьы аибашьра далахәын сабду иашьа гәакьа Гьаргь Соломон-ипа Габлиа. Иара арратә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь 1942 шықәсазы дцеит еибашьра, Аҩбатәи Украинатәи афронт дахәҭакын. Хынтә дырхәхьан аибашьраан. Ианашьан аорденқәеи амедалқәеи. 25 шықәса арра дыҟан, даара пату зқәыз уаҩын, Хәыта ҳәа иарҳәон Гьаргь Габлиа. Габлиаа рыҷкәынцәа рҟынтә еибашьуаз Сааҭ иԥацәа хҩык ыҟан убасгьы, дара хабарда ибжьаӡит, иҭахеит Алықьса, Сырбеи, Хәыта. Урҭгьы рҭоурых ҳхашҭӡом. Сабду иашьцәа хынҳәит, аха егьырҭ зымхынҳәит",- иҳәеит Габлиа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0