Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Саманба: ауаҩы иааихәо иахәҭоу ахаҭабзиара амазарц ҳхықәкуп, ус иагьыҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГарри Саманба
Гарри Саманба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астандартқәеи аенергетикатәи атехникатәи хылаԥшреи рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Гарри Саманба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит акарантин аамҭазы напхгара зиҭо аилак аусзуҩцәа ахылаԥшратә усқәа шеиҿыркааз, афатә аалыҵқәа зҭиуа ракәзар, аԥҟарақәа иахьынӡарықәныҟәо.
Хра злоу ахҭысқәа: Саманба акарантин аамҭазы агәаҭарақәа ирызкны

"Хәажәкыра 24 рзы ашәҟәы ҳауит аҳәынҭқарра ахада напынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба ихьӡала еиуеиԥшым адәқьанқәеи, аџьармыкьақәеи ауаа рацәа ахьадеизало уҳәа хылаԥшра раҳҭарц. Ҳусураҟны ԥшь-гәыԥк ҟаҳҵеит, даҽа ҩ-гәыԥк аанҳажьит аҭелқәа рҟны, ауаа анасуа аҭак ҟарҵаларц. Быжьшәы инареиҳаны аҭел асрақәа ҟалеит. Аџьармыкьа адыркаанӡа ахәқәа ҳаракны иҟазҵаз ыҟан, убарҭқәа ргәаҭаразы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟәша аусзуҩцәеи ҳаицхырааны аусурақәа мҩаԥаҳгоит. Араионқәа рҟны аума, Аҟәа ҳахьнеиуаз аԥхьа ҳахьырзеилымкаауаз ыҟан, ԥыҭҩык ус ргәы иаанагон ари хәмарроуп ҳәа, аха нас еилыркааит ус шакәымыз. Даара ибзианы рхы аадырԥшит ҳусзуҩцәа, агәаҭарақәа раан ииашаны ҳаилызкааз рацәоуп. Ишахәҭоу еиԥш зхы аазмырԥшызгьы ыҟан, аха ҩынтә-хынтә ҳнеины ианраҳҳәа ҳаилыркааит, ателехәаԥшрақәа ари аус аҟны акыр иҳацхрааит ҳәа сыԥхьаӡоит", – иҳәеит Саманба.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0