Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа аԥкрақәа рырԥсыҽразы: иҭакыз ҳаиҩызан

© Sputnik / Томас ТхайцукНури Кварчия
Нури Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит акоронавирус аламырҵәарзы Аԥсны иҟаз аԥкрақәа акультуратә усхкқәа ишырныԥшыз атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәарҷиа аԥкрақәа акультуратә усхкқәа ишырныԥшыз иазкны

Лаҵара 15 инаркны Аԥсны акультура-массатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азин ыҟоуп.

"Иҭакыз ауаа ҳарҩызан, ҳзышьцылаз аус ааныжьны. Ҳәарада, иаҳцәыӡыз рацәоуп. Аицлабра "Аҿар рыбжьы" амҩаԥгара ҩымш шагыз ҳусмҩаԥгатә аанаҳкылар акәхеит. Ари даара гәалсра дуны ирыдыркылеит ахәыҷқәа. Уажәы азин анҳау, еиҭа ахәыҷқәа рнапхгаҩцәа ҳарзасит, адырра раҳҭеит ҳусура еиҭашхацҳаркуа ала. Ахәыҷқәа, ҳәара аҭахума, ари аамҭа иалагӡаны ихьшәашәеит. Еиҭа иазгәаҭан иҳаман ахореографиатә гәыԥқәа реицлабрагьы "Аӡыхь". Ҳара ауал зду ҳакәны ҳхы ҳаԥхьаӡоит, еиҳарак ахәыҷқәа рҿаԥхьа. Аицлабрақәа, иаабжьаужьыр, уи иацәыхҟьо аҿар рацәахоит. Ҳара ҳхықәкы хада – шаҟа ирацәаны ахәыҷқәа аҟазара иадҳаԥхьало, уи амҩа ианаҳҵо убри ауп. Жәларбжьаратәи аицлабрақәа рымҩаԥгара – уи макьана зҵаароуп, аамҭа уахәаԥшны ухы мҩаԥугароуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0