Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашба: аԥсуа биуџьет акраҿазҵо анаплакуаа роуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрсоуа Хашба
Арсоуа Хашба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ААУ афинансқәеи акредити ркафедра адоцент Арсоу Ҳашба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иназыцҵоу ашәахтәԥсазы азакәан азы игәаанагара иҳәеит.

Иназыцҵоу ашәахтәԥса алҵшәа ахьынӡамоу атәы иалацәажәан Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби, атәыла анапхгареи, анаплакуааи реиԥылараҿы.

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳашба иназыцҵоу ашәахтәԥса иазкны

"Анаплакҩы Аԥсны иԥара зегьы итауар иахҭниҵоит, уи иҭиаанӡа аԥара имам аҟнытә ашәахтә уалны идуп. Ҳәарада, анаплакҩы изы иманшәалахон ашәахтә атауар аниҭилак ашьҭахь ашәара, аха азакәан анрыдыркылоз, ашәахтәқәа иаҳа ирласны еизнагоит ҳәа иазгәаҭаны ирыдыркылеит. Фактла иҟалаз убриоуп - анаплакҩы миллионк рыхә ааигозҭгьы, иахьа уи 500 нызқь мааҭ рыхә ауп иааиго, избанзар егьырҭ аԥарақәа зегьы ршәахтә ашәарахьы ицоит. Ари иахҟьаны сгәаанагаралагьы, атауар ашәшьыра иҵало иалагеит. Азакәан анрыдыркылоз аплан аҿы иарбан, ус агәаанагара ыҟан, миллиардк аԥара абиуџьеҭ иаланагалараны иҟан ҳәа, аха фактла ироуит 800 миллион мааҭ, уи зыҟалазгьы, анаплакуаа ртауареикәшара каҳаит, мамзаргьы ашәшьыра иҵалеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳашба.

Аекономист иажәақәа рыла, анаплакҩы ишахәҭоу аус иурц азы ашәахтә уалны идымзароуп.

"Аԥсуа буиџьет акраҿазҵо анаплакуаа роуп, ҳхатә ԥара ҳара иҳамаӡам. Убри аҟнытә аҳәынҭқарраҿы иҟазароуп ус еиԥш аҭагылазаашьа, анаплакуаа рбизнес арманшәаларазы, убри аан ашәахтәқәагьы камҳароуп, избанзар абиуџьет иамоу асоциалтә қәыӷәӷәара ҳаракуп. Сара садгылаҩым ари ахәԥса 10% аҟаҵара, анаплакҩы уи уалны идымзароуп, ашәахтә ашәара алшара инаханы иҟазароуп, мызкы-ҩымз акәӡам, шықәсык аҩнуҵҟа иршәартә аҭагылазаашьа рымазароуп", – ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳашба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0