Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бганԥҳа аҟазаратә школқәа русуразы: ахәыҷқәа рҭахрақәа зегь ҳазхарҭәаауам

© Foto / предоставлено Мадиной БганбаМадина Бганба
Мадина Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион акультура аҟәша аиҳабы Мадина Бганԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит амилаҭтә культуратә хәышҭаарақәа, ансамбльқәа рҿы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бганԥҳа аҟазаратә школқәа русуразы

"Гагра араион аҿы аус руеит, алҵшәа бзиагьы аадырԥшуеит аҟазаратә школқәа. 340-ҩык ахәыҷқәа урҭ рҿы аҵара рҵоит, сынтәа аҵариурҭақәа ироушьҭымҭацәоуп 44-ҩык. Араион азы акыр аҵанакуеит жәлар рарҳәагақәа нап рыдкыланы, уи аҭоурыхи, арҳәашьеи, арҵареи рылшартә иахьыҟоу. Аха иҟоуп аспециалистцәа разымхара азҵаара, ахәыҷқәа ирыдаагалар ҳалшо аҟазаратә ҟәшақәа маҷуп. Иҳагуп аккардеон арҳәашьеи адаул асреи дзырҵо. Аҟәатәи аҟазаратә ҵараиурҭа аҟынтә Гаграҟа ахәыҷқәа аҵара дырҵаразы иаауа маҷҩуп, избанзар ауалафахәы маҷуп, анхарҭа ҭыԥгьы рымазароуп. Ансамбльқәа "Абааҭа", "Кьаразаа" ирыҵагылашаа аҿар рааӡараа проблемагьы ҳауа иалагеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Бганԥҳа.

Иаҳа инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0