Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аԥҳазоу Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит азы: шьаҿа бзиоуп аԥсуа доуҳатә культуразы

© Sputnik / Томас ТхайцукВахтанг Абхазоу
Вахтанг Абхазоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аидгыла иатәу асаит аԥҵара шалыршахаз, аԥшьгамҭа аларҵәара шаҟа аамҭа аҭаххаз, асаит аҟны аԥхьаҩ идыргало атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп:Аԥҳазоу Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит иазкны

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит аусура иалагеит рашәара 25 рзы. Асаит аԥҵара ахшыҩҵак цәырҵит 2017 шықәса рзы Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоуи Москва инхо алитератураҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Виачеслав Бигәааи "Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа. Абиблиографиатә жәар" аус анадырулоз аамҭазы.

Асаит аҿы иубар алшоит ҳаамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа, алитература аклассикцәа ирызку аинформациа, иара убасгьы аҟазаратә еиҿкаарақәа рышьақәгылара аҭоурых.

Асаит аҿы аинформациа хаҭәаалоит аҭыжьымҭа ҿыцқәа шыҟалалак ҩ-бызшәак рыла – аԥсышәалеи урысшәалеи.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит аусура иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0