Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аршба: ауаҩы иеиқәырхара бзиа избоит, уи ацхыраара иҭара еснагь сашьҭан

© Foto / предгоставлено Аркадием АршбаАркадий Аршба
Аркадий Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәеи Аҟәа араиони абылраҽацәахьчара ахылаԥшра аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аркади Аршба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит иара аиқәырхаҩ изанааҭ залихыз атәы.

14 шықәса раԥхьа иаԥцан Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аусбарҭа. Анаҩс иара министрраны иҟалеит.

Аршба: ауаҩы иеиқәырхара бзиа избоит, уи ацхыраара иҭара еснагь сашьҭан

"Ауаҩԥсы аҭагылазаашьа ҷыда дақәшәар, ҳазлаихәаша ҳамоуп, амшын аҟноума, ашьхароума, ацхыраара иаҳҭартә ҳаиқәшәоуп. Аҷкәынцәа атехника нап адкылан хылаԥшра арҭоит. Сара снапы азкуп ауаа абылра иақәымшәарцаз ахыбрақәа ргәаҭара, ргәы рҽанҵара. Бзиа избоит сус. Азанааҭ алхраан ауаҩы иҩнуҵҟатәи идоуҳатә ҭагылазаашьа анырра анаҭоит, ҳара аҳақьымцәа рҟнытә хара ҳамцеит, ҳусура аԥсеиқәырхара иадҳәалоуп. Ашкол ашьҭахь сара Аҟәатәи амедицинатә коллеџь сҭалеит. Бзиа избон ауаҩы иеиқәырхара аус, уи ацхыраара иҭара еснагь сашьҭан. Аҵараиурҭа саналга ашьҭахь алшара сымамызт сҵара ацҵара, аха нас избеит алаҳәара Москватәи абылраҽацәыхьчаратә академиа аҭаларазы аҭыԥқәа шыҟоу атәы, уи схы иархәаны аҵара иацысҵеит. Раԥхьа Аԥснынытә Москваҟа ирышьҭыз акурсантцәа рхыԥхьаӡараҿы сыҟан", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аршба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0