Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа аҟанҷ хьычԥаԥыр азы: уамашәа еизҳаит, ҳаԥхьаҟатәи ахымҩаԥгашьа шәарҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСавелий Читанава
Савелий Читанава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекологиазы Аԥсны ахәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Елыр ақыҭан аҟанҷ хьычԥаԥыр аԥсабара аԥхасҭа шанаҭо, уи аҿагыларазы мҩас илхтәу ҳтәылаҟны макьана ишҭҵаам.
Ҷыҭанаа аҟанҷ хьычԥаԥыр азы: уамашәа еизҳаит, ҳаԥхьаҟатәи ахымҩаԥгашьа шәарҭоуп

"Аҟанҷ хьычԥаԥыр иатәу ахәаҷа хкы ҿыцны Аԥсны ицәырҵит ҳҳәар ҟалом, афауна иалан, аха ахы унарбартә еиԥш ирацәаны иҿианы иҟамызт. Быӷьқәак афон, аха уаҩы иԥырхагамызт. Сынтәа, изыхҟьалакгьы, ахыԥхьаӡара уамашәа еизҳаит. Урҭ ахәаҷақәа чысхәыс ирымоу абыӷь ҟьаҟьақәа змоу аҵлақәа: ал, ашә, ахьаца уҳәа зегьы афоит. Урҭ рыдагьы ашәырҵлақәа афоит, аԥхасҭа рнаҭоит. Зынӡа иааидкыланы 300 ҵиаа хкы ирԥырхагоуп. Ашәарҭара еиҭа излацәырнаго агәырбӷьы абнақәа, аԥсаҵлақәа афоит, имыждараха иҟоуп", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Иара иазгәеиҭеит уи ахәаҷа хкы шьҭа абагәа ҟаҵаны аҭра ишҭало, аԥхьаҟа мшаԥымза шыҟоу ишцәырҵуа, убасҟантәи ахымҩаԥгашьа шакәхо ишәарҭахо. Иахьазы аҟанҷ хьычԥаԥыр ахәаҷа аԥсабара аԥхасҭа ахьанаҭаз Елыр ақыҭаҟны ауп, абнақәа рнаҩсгьы абаҳчақәа аԥхасҭа рнаҭеит, хадаратәла араса иҳәеит Ҷыҭанаа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0