Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭыжәԥҳа: ахәыҷқәа рыбжьы зҭымыҩуа ахәыҷбаҳчаҿы ҳаҟазаара ҳгәы ҳнархьуан

© Foto / предоставлено Мадиной ТужбаМадина Тужба
Мадина Тужба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ахәыҷбаҳча "Алашара" аиҳабы Мадина Ҭыжәԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит акарантинтә аамҭа ашьҭахь ахәыҷбаҳчақәа русура аиҭахацыркра шеиҿкаахо атәы.

Ԥхынгәы 6 рзы акарантинтә аамҭа ашьҭахь ҿыц Аԥсны ахәычбаҳчақәа зегьы русура еиҭахацыркхеит.

Ҭыжәԥҳа: ахәыҷқәа рыбжьы зҭымыҩуа ахәыҷбаҳчаҿы ҳаҟазаара ҳгәы ҳнархьуан

"Аҵара аусбарҭа иҭнажьыз аԥҟарақәа ртәы ахәыҷбаҳчақәа рнапхгаҩцәа ҳаизганы иҳаилыркаан. Уи анаҩс ааӡаҩцәеи аҭаацәеи ирызнаҳгеит. Иага иуадаҩзаргьы, ҳрықәныҟәароуп арҭ аԥҟарақәа, урҭ зызку ҳхәыҷқәа рыхьчароуп. Актәи ихадоу аԥҟара - ахәыҷқәа адәаҿы иҳадаҳкылоит, урҭ рҭаацәа ахәыҷбаҳча аҩнуҵҟа рыҟазаара зынӡаск азин ыҟаӡам. Амш ицәгьа, ибзиа аҭагылазаашьа ҳхы нақәыршәаны ахәыҷқәа ҳадаҳкылалоит. Аҩбатәи – ахәыҷқәа иааиуа зегьы ргәы бзиазароуп. Амедиаҳәшьа дрылаланы зегьы ршоура гәалҭоит. Иара уи адагьы ахәыҷбаҳча аусзуҩцәагьы зегьы ргәы бзиазароуп, урҭгьы ршоура гәаҭаны убас ахәыҷбаҳча ҳаҩналоит…", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҭыжәԥҳа.

Ахәыҷбаҳчақәа русура аиҭахацыркра ныҳәак иаҳзаҩызоуп ҳәа азгәалҭеит Ҭыжәԥҳа арадиоефир аҿы.
"Хымз рыҩнуҵҟа ахәыҷбаҳча ҭаууа иҟан, ахәыҷқәа рыбжьы зҭымыҩуа ахәыҷбаҳчаҿы ҳаҟазаара ҳгәы ҳнархьуан. Иахьатәи амш ҳа ҳзы ныҳәа дууп", - ҳәа лҳәеит Ҭыжәԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0