Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьониа Гал араса аҽаҩразы: ашәарҭара иҭагылоуп

© Foto / предоставлено Лери ШониаЛери Шониа
Лери Шониа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион агроном хада Лери Шьониа арадио Sputnik аефир ала арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит араион аҟны араса хәышәтәымзар, аҽаҩра бзиамахар ҟалоит ҳәа.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шьониа Гал араса ахәшәтәра иазкны

"Араса аганахьала апроблема дуқәа ыҟоуп сҳәар имцхоит, избанзар ауаа рхатә џьабаалеи иара убас араион ақыҭанхамҩа иазоужьыз амармалташьтә пты иаҿагыланы ақәԥаразы 500 литра ахәшәи рзаҳшеит. Ахәшә ирызшаз азхаӡом, избанзар араион аҟны 18 қыҭа ыҟоуп, быжь-нызқь гектар инацны арасаҭрақәа ыҟоуп. Ҳәара аҭахума, ацхыраара иҵегьы иҳаур ибзиахон, избанзар акәыкәбаачымазара иаҿагыло ахәшә ҳақәгәыӷуан, иахьа ишҳаҳауа ала, Аԥсны ахадара азҵаара аӡбара иаҿуп. Иҳаҩсыз амчыбжь азы араион ҳалсуан, ачымазара хәыҷык идәықәлахьеит, араса аус даара ашәарҭара иҭагылоуп. Анхацәа хәыҷык ацхыраара ҳазрыҭар, аура ҟалап ҳәа ҳгәы иаанагоит", - иҳәеит Шьониа.

Иара иажәақәа рыла, ҵыԥх араион аҟны 4 нызқь гектар араса вертолиотла ихәшәтәын, сынтәагьы ахәшәтәра арбан.

"Хәыҷык аус ҳарццакыр цәгьаӡам, ианаамҭоу ахәшәқәа ҳаур акәыкәбаачымазара аҟынтә, алҵшәа бзиахон. 2017 шықәсазы араса аҽаҩра 20 % ҳамаӡамызт, 2019 шықәсазы 50-80 процент рҟынӡа аҽаҩра аанашьҭит. Иаҳхысыз ашықәсқәа рзы иҟаҵаз ахәшәтәрақәа рылҵшәақәа ҳцәыӡыр ҟалоит шықәсык бжьаҳажьыр, ажәлар рџьабаа аӡы иагеит ауп. Араион ахадара ирдыруеит, аиҳабырагьы ирарҳәахьеит ацхыраара ҳаур, кәыркәамза ахәшәтәра иара иатәуп, ихымԥадатәуп. Иахьа ачымазарақәа ҳбоит, амармалташьтә птгьы иаҳа иацло иалагеит уажәтәи ашоурақәа раан, акәыкәбаачымазара аԥхьа инаргыланы еиҭазго иара ауп", - иҳәеит Шьониа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0