Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниаԥҳа астритбол азы Аҟәа аицлабрақәа ирызкны: арсҟаҩык аднагалоит ҳәа ҳаҟамызт

© Foto / предоставлено Эсмой КвицинияЭсма Квициния
Эсма Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ахадара Аҿари аспорти русқәа рзы адепартамент аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҟны раԥхьаӡа еиҿкааз астритбол азы аицлабрақәа шаҟа гәыԥ аднаԥхьалаз, ишымҩаԥысуа атәы.
Кәыҵниаԥҳа астритбол азы Аҟәа аицлабрақәа ирызкны: асҟаҩык аднагалоит ҳәа ҳаҟамызт

"Иахьатәи аамҭазы астритбол адунеи аҿы даара азҿлымҳара амоуп, уи зҽазыҟазҵо рацәаҩуп аҟынтә, аицлабра мҩаԥаагарц ҳаӡбеит. Апрофессионалцәа рнаҩсгьы абзиабаҩцәа рацәоуп ҳара ҳҟны ари аспорт хкы иазҿлымҳау. Акомандақәа рҟны хҩык ахәмарыҩцәа ыҟоуп. Аицлабра анаԥшьаҳгоз ҳтәылаҿы ари амҵәышәымпыл хкы бзиа ишырбо ҳдыруан, аха асҟак арзаҳалқәа ҳауеит ҳәа ҳаҟамызт. Атурнир шоуп ахәмарыҩцәа аҟазацәеи абзиабаҩцәеи рыла. Ахәмарцәа-абзиабаҩцәа рыбжьара 30 шықәсанӡа зхыҵуа аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рхы аладырхәыр ҟалон, апрофессионалцәа рыбжьара - 18 шықәсанӡа зхыҵуа аҿар. Аҷкәынцәа ргәыԥқәа 28 ыҟоуп, аӡӷабцәа - 32. Хымш имҩаԥысуа атурнир иаднагалаз аҿар рхыԥхьаӡара рацәоуп", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Аҭыԥҳацәеи арԥарцәеи рыбжьара астритбол азы аицлабрақәа ԥхынгәы 27 рзы ихацыркын, ахыркәшаратә еиԥылара мҩаԥгахоит ԥхынгәы 29 ахәылбыҽха асааҭ 18 рзы амшын аԥшаҳәаҟны иҟоу амҵәышәымпылтә дәаҟны.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0