Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыркәнааԥҳа Белоруссиа иҟоу аидысларақәа рзы: ҳдәылҵӡом, ҳшәаны аҩны ҳтәоуп

© Foto / предоставлено Мзией КуркунаваМзия Куркунава
Мзия Куркунава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Белоруссиа алхрақәа рышьҭахь ишьақәгылаз аҭагылазаашьа атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Барановичи инхо ҳџьынџьуаҩ Мзиа Кәыркәнааԥҳа.
Кәыркәнааԥҳа Белоруссиа иҟоу аидысларақәа рзы: ҳдәылҵӡом, ҳшәаны аҩны ҳтәоуп

Нанҳәа 9 рзы Белоруссиа имҩаԥысит атәыла ахада иалхрақәа. Алхырҭатә ҭыԥқәа анадыркы ашьҭахь аҿагыларатә акциақәа ирылагеит. Абарҭ акциақәа раан иаанкылан урыстәылатәи ажурналистцәагьы.

"Хәылбыҽхала аҿар адәахьы ицәырҵны алхрақәа рлыҵшәа аҿагылара арҭоит, иқәԥоит. Ашьыжь зегьы бзиоуп, аусурақәа рахь ицоит, анаплакқәа русура аанкылам, зегьы аус ауеит. Ауаажәларратә транспорт зегьы аус ауеит. Аиҿагыларақәа мҩаԥысуеит Барановичи, Брест, Минск, Гомель уҳәа белоруссиатәи ақалақьқәа рҿы. Сгәыла ахәылбыҽха дахьдәылҵыз дҭаркит, уажәгьы лыхабар ыҟам, ҳара ҳшәаны аҩны ҳтәоуп, ҳдәылҵӡом, аӡәгьы дахәаԥшзом, аҿагылара иалаху иалахәыму ҳәа, зегьы кны иргоит", - еиҭалҳәеит Кәыркәнааԥҳа.

Белоруссиа аҳҭнықалақь аҟны ҩымш ҵуеит зиншьаҭада аҿагыларатә акциақәа ирылагеижьҭеи, акциақәа ирылахә ахада иалхрақәа рылҵшәақәа иазыразым. Александр Лукашенко 80% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит. Аҿагылара ҟазҵози азинхьчаратә органқәа русзуҩцәеи еиҿанагалеит. Минск агәҭа абаррикадақәа ргылан. Амилициа рхы иадырхәеит аӡыршәгақәа, агаз. Иҟоуп ааха зауны ахәышәтәырҭахь инанагаз. Минск агәҭа еизаз иаанкылоу ауаа амилициаа ирыцрырҟьарц рҽазыршәеит. Азинхьчаҩцәа ражәақәа рыла аӡәы дҭахеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0