Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лакербаиа Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рзы: рфеномен аҭҵаара аҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеонид Лакербая на слушаниях по политико-правовой оценке событий мая 2014 года.
Леонид Лакербая на слушаниях по политико-правовой оценке событий мая 2014 года. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз рымш нанҳәа 15 рзы азгәаҭаразы ажәалагала ҟазҵаз Аԥсны ԥасатәи аԥыза-министр, аполитикатә партиа "Аиҭаира" ахантәаҩы Леонид Лакербаиа арадио Sputnik аефир дазааҭгылеит ари амш аҵакы.
Хра злоу ахҭысқәа: Лакербаиа Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рзы

Иахьа нанҳәа 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш.

Нанҳәа 1992 шықәсазы ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа еибашьрала аԥсуа жәлар ианрықәла аҩбатәи амш аҽны Нхыҵ-Кавказынтә цхыраара иааит аҟабарда аофицар Сулҭан Сосналиев напхгара ззиуаз аешьаратә жәлар рхаҭарнакцәа раԥхьатәи ргәыԥ. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын ҩ- нызқьҩык инареиҳаны хатәгәаԥхарала аԥсуа жәлар ирыдгылаз, урҭ рахьынтә 51 –ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахеит, 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп, фышәҩык инареиҳаны "Агәымшәаразы" амедал. Аибашьраан иҭахеит 260- ҩык инареиҳаны хатәгәаԥхарала аԥсуа жәлар ирыдгылаз.

Лили Хагба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳагԥҳа хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирызкны: имҭахандаз ҳәа ҳрыхӡыӡаауан

Нанҳәа 15 Аԥсны ныҳәак аҳасабала иазгәарҭоит 2013 шықәса раахыс.

"Ари амш ешьцәаҵас ҳаибабара аҵакы аанарԥшуеит. Ари ҳаиашьара ҳмырӡроуп, мамзар ҽеи алҵӡом. Сахьахәаԥшуа аҿар мацара ракәӡам егьырҭ ҳауаажәларгьы ԥыҭҩык ирхашҭуа иалагеит, аныҳәаҿа аныркоз аибашьраан иҭахаз аҷкәынцәа рзы раԥхьа идыргылон нхыҵаа ҳашьцәа, абра иааны ҳадгьыл зхы ақәызҵаз. Уи апроблема ганкоуп. Ҳауаажәлар ирхамшҭуазароуп иҳадгылаз хыԥхьаӡаралагьы ишырацәаз, адин иныҟәаргозгьы шеиԥшым. Хатәгәаԥхарала иааны аибашьраан иҳавагылаз рфеномен аилкаара ҳаԥхьа ишьҭоуп, еилкаатәуп ари шыҟалаз. Иазхәыцыр сҭахуп ҳауаажәлар ишԥаҟала ачеченцәа арахь шьхала раара, ақьырсиан апапцәа уҳәа егьырҭ раара. Даҽа еибашьрак, даҽа милаҭк рҟны ас иҟан ҳәа исмаҳацт. Ма динла, ма ешьарала еидгылалон. Адыгаа, ачерқьесцәа ҳашьцәа ртәы хазуп, аха араҟа милаҭла, динла еиуеиԥшым ажәларқәа рхаҭарнакцәа аԥсуаа ирыдгылеит. Ахаан иҟамызт, иагьыҟалом ас ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Лакербаиа.

Иара убасгьы дазааҭгылеит Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рганахьала еиҿкаатәу, ахаҵгылара зҭаху ҳәа ииԥхьаӡо аусқәа ртәы.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0