Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳараниа ашьхааӡаразы: ԥсыршьагас исымоуп

© Foto / предоставлено Сатбейом ХаранияСатбей Харания
Сатбей Харания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аҿы инхо ашьхааӡаҩ Саҭбеи Ҳараниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа Анана-Гәында дшизылыԥхаз.

 

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҳараниа Аҟәа ашьха шыиааӡо иазкны

"11 шықәса ҵуеит ашьхымза анҵаны исымоижьҭеи, урҭ есышықәса ашьха ихызгалоит. Сынтәа - Мархьаул сыҟан. Аусура ашьҭахь саанаауа сышьхақәа рахь сцоит, сыԥсы сшьоит, убри ауп ԥсыршьагас исымоу. Сынтәа сышьхақәа ҩынтә исыԥшхьеит. Сыцәгьамкәагьы аҽаҩра соуит. Ашьхақәа аҭәаҵла бзиан ианыҟоу ацха бзиан иааргоит, убри гәаҭаны исымоуп. Хыԥхьаӡарала ашьхымзаҭрақәа 70 рҟынӡа санхалалак, 20-25 цыра сҭиуеит. Изго сымоуп, ԥыҭҩыкгьы иазҵаауеит. Сынтәа сышьхақәа хәыҷык иҽеимызт, аха хыхьынтә дысзылыԥхеит. Ашьхымзаҭра рыцқьан иргылан ишсымаз ҩ-сааҭк рыҩнуҵҟа быжьхымзаҭрак ашьхақәа рхала иааны иҭалеит. Сзызҵааз ирҳәеит ас еиԥш ахҭыс атәы шырмаҳацыз. Акы аасыртын, иҭәын, аҩбатәи ус, ахԥатәигьы, убас рыбыжьба игылаз", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳараниа.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0