Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Агрԥҳа Пицундатәи аконцерттә зал аусура иазкны

© Foto / предоставлено Гундой АгрбаГунда Агрба
Гунда Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пицундатәи аконцерттә зал аиҳабы Гәында Агрԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит сынтәатәи аконцерттә программа шьышьақәгылоу, насгьы аҿкы чымазара аламырҵәаразы иарбан ԥҟарақәоу уи аҭааҩцәа зықәныҟәо.

 

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Агрԥҳа Пицундатәи аконцерттә зал аусура иазкны

"Аконцертқәа акапеллеи аоркестри злахщу аԥаҳхит, аколлективқәа дууп аҟнытә, аҭагылазаашьа злаҟоу ала иӡбан урҭ рықәгыларақәа мап рыцәкызарц. Сынтәа иқәгылоит ауарӷанрҳәаҩцәа Лука Гаделиеи Марина Шамԥҳаи, ашәаҳәаҩцәа ракәзар, Нана Черқьезиаԥҳа, Елена Анқәабԥҳа, Асида Шьакаиаԥҳа уҳәа аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа ҳзаауеит. Ахәаԥшцәа егьырҭ ашықәсқәа реиԥш рхыԥхьаӡара рацәам, аха иаауа аконцерттә зал абжьы ргәаԥхоит, уи акырынтә изаҳахьоу иреиуоуп. Азал аҿы ахәаԥшцәа шҳартәац еиԥш иҳартәоит, аха ианыҩнало арзҩыдаратә маҭәашьарқәа рхы иадырхәоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Агрԥҳа.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0